Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ШЬАМТӘЫЛА АХАДА ИАБЖЬГАҨ ДАМАСК ИҞОУ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХӘААХӘҬРА-ААГЛЫХРАТӘ ПАЛАТА АХАҬАРНАКРА ДАҬААИТ

Аԥшьаша, 16 Цәыббра 2021 17:32 251

Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Аполитикатә зҵаарақәеи амассатә информациа ахархәагақәеи рзы   Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика Ахада иабжьгаҩ Бусаина Шьаабан Дамассктәи иаку анапҟазаратә центр аҿы имҩаԥысуаз ацәыргақәҵа «Шьамтәыла аҭоурыхи ацивилизациеи рҭоурых» ҳәа хыс измоу ацәыргақәҵа аартра даҭааит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата аофициалтә саит. Уи иара убас ахҭарнакра аҟны зыдгалара мҩаԥгоу аԥсуа ҭыжьыҩцәа аекпорттә хырхарҭа змоу раалыҵ абара хықәкыс иҟаҵаны Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата Ахаҭарнакрагьы даҭааит.

Бусаина Шьаабан  дылԥылеит Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата Ахаҭарнакра ахада Низар Альджаббан.  Уи Ахаҭарнакра ала аекскурсиа мҩаԥигеит, иара убас Аԥсны акультуреи аҭоурыхи лзеиҭеиҳәеит.

Аиԥылара аҿы Бусаина Шьаабан  Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿы Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика Ахәаахәҭратә Ҩны аартра дшақәшаҳаҭу атәы лҳәеит.

Ахәҭакахьала, аԥснытәи Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата ахаҭарнак, абжьгаҩ адырра лиҭеит ааигәа Аԥсны аҭаара азԥхьагәаҭаны ишыҟоу, иара убас иара Шьамтәыла анапҟазацәа Реидгыла Хада ахьӡала иарбоу азҵаара аԥсуа ган алархәны алацәажәара азҵаарагьы дазааҭгылеит.  Уаанӡа уи Баас арабтәи асоциалисттә еиҭаҿиара Апартиа ақәыршаҳаҭра мҩаԥысхьан.  

Аиԥылара рхы аладырхәит: Шьамтәылатәи Арабтә Республика анапҟазаратә Еидгылара Хада апрезидент  Нажи Альхадуа, Дамассктәи анапҟазаратә центр ахада Луаи Шко, Баас апартиа аҟынтәи ацентралтә напхгараҭара Адиван ахада  Махера Аль-Маулы, Арабтәи анапҟазацәа Рфедерациа амаӡаныҟәгаҩ Махер Шеих Аль-Арда, арегионалтә анемец-бельгиатәи компаниа  Deluxe адиректор Мухаммад Хаир Абу Џьиб.

Урҭ реиҳарак ааигәа Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭаара азы агәазыҳәара шрымоу рҳәеит.

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 20:17