Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АЛАДА УРЫСТӘЫЛА АРРАТӘ ОКРУГ АҲАҚЬЫМЦӘА АРРАТӘ МОБИЛТӘ ХӘЫШӘТӘЫРҬА АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АКОРОНАВИРУСТӘ ҾКЫ ЧЫМАЗАРА COVID-19 ЗЛАҼЫЗ 600 -ҨЫК АПАЦИЕНТЦӘА РЫДКЫЛАРА РЫЛШАХЬЕИТ

Ахәаша, 17 Цәыббра 2021 14:21 293

Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Нанҳәамза 18 рзы Аҟәа ақалақь асасааирҭа «Аиҭар» иахьаҵанакуа аусура иалагаз Алада Урыстәылатәи Арратә Округ иатәу арратә мобилтә хәышәтәырҭа аҳақьымцәа уахи-ҽни инеиԥынкыланы апациентцәа рыдкылареи ахәышәтәра-диагностикатә  усмҩаԥгатәқәеи мҩаԥыргоит.

Алада Урыстәылатәи Арратә Округ иатәу арратә мобилтә хәышәтәырҭа аҳақьымцәа иахьазы ирыдыркылахьеит 600-ҩык инарзынаԥшуа Аԥсны иқәынхо ауааԥсыра, ҳәа иаанацҳауеит Алада Урыстәылатәи Арратә Округ апресс-маҵзура. 106-ҩык ргәы бзиахан рыҩныҟа илырҩааит– апациентцәа иахәҭоу ахәышәтәра акур иахысит, анаҩс алаборатортә гәаҭара мҩаԥган. Апациентцәа рҳақьымцәа рҟынтәи хра злоу абжьгарақәа роуит. Ачымазцәа ареспублика араионқәа зегьы рҟынтәи арахь иааргоит ирласу амедицинатә цхырааразы амашьынақәа рыла. Ашьҭаҵареи анаҩстәи ахәышәтәреи рзы аӡбамҭа адкылара ачымазаҩ инхарҭаҭыԥ иааҵанакуа аҳақьымцәа рақәыршаҳаҭрала имҩаԥысуеит.

 

Иара убас Алада Урыстәылатәи Арратә Округ аҳақьымцәа ареспублика ақалақьқәа рлабораториақәа рҟынтәи иаарго анализқәа ПЦР-диагностика нарыгӡоит. Анализқәа рылҵшәақәа зегьы шьҭахьҟа ареспублика алабораториақәа рахь идәықәҵахоит, уи атестҟаҵара иақәырӡхо аамҭа акыр иармаҷуеит, анализ ҩынҩажәа минуҭ ирҭагӡаны имҩаԥгахоит.

Иара убас араатә хәышәтәырҭеи Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Ареспубликатә бактериологиатә лабораториеи русеицура шьақәыргылоуп.  Араҟа амедикцәа иҿыцу акоронавирустә ҿкы чымазара ахкқәеи аштаммқәеи ралкаара аҿы ацхыраара ҟарҵоит. Амобилтә хәышәтәырҭа  алабораториақәа рҿы  иахьазы имҩаԥгоуп 1500 инарзынаԥшуа еиуеиԥшым алабораториатә ҭҵаарақәа,  1000 ПЦР-тести  еиуеиԥшым аклиникатә гәаҭарақәеи 500  инареиҳаны агәышԥытә ренгенограммақәеи уахь иналаҵаны. 

Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра  иатәу афункциарацәа назыгӡо арратә мобилтә хәышәтәырҭа 100-шьҭаларҭа-ҭыԥ амоуп. Ианаҭахха азы инацҵаны даҽа  50 шьҭаларҭа-ҭыԥ аиқәыршәаразы алшара ыҟоуп. Уи иҿыцу акоронавирусттә ҿкы чымазара злаҽыз ауаа рыстационартә хәышәтәра иазкуп. Амшьамбақәа рҿы адкыларатә ҟәша, алабораториа,  арентген-кабинет ыҟоуп.  Ахәышәтәырҭа аҿы аус руеит 100-ҩык инареиҳаны арратә ҳақьымцәа, абригадақәа еиҟараны еихшоуп, урҭ рҽеиҭныԥсахло уахи-ҽни иааиԥмырҟьаӡакәа аус руеит.  

Ахәышәтәра-диагностикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы ахәышәтәырҭа ҳаамҭа иақәшәо амедицинатә еиқәыршәагақәеи ихымԥадатәиу ахәшәқәеи, арыԥҳақәа рыҩныҵҟа иԥсабаратәым аҳауеиҭныԥсахлара аппаратқәа, апациентцәа рҭагылазаашьа интенсивла ахылаԥшра азы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа агәаҭара азы ахархәагақәа, ПЦР-лабораториа, уҳәа  рыла еиқәыршәоуп.

Ахәышәтәырҭа хәышәыла аиқәыршәара инагӡаны имҩаԥгоуп. Аҵәыҵәри ала аиқәыршәара мҩаԥнагоит Гәдоуҭа ақалақь аҿы иҟоу Алада Урыстәылатәи арратә Округ арратә база. Иааизакны уахыки-ҽнаки рыла иныххоит 100  инарзынаԥшуа аҵәыҵәритә баллонқәа.

 

Last modified on Ахәаша, 17 Цәыббра 2021 14:24