Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҲӘЫНҬҚРРА АХАДА ГАГРА АРАИОН АҾЫ АҬЫԤ ЗМАЗ АИНЦИДЕТҚӘА ИНАРЫМАДАНЫ АТӘЫЛА АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АНАПХГАРА АДҴАҚӘА ЖӘПАКЫ РИҬЕИТ

Аԥшьаша, 16 Цәыббра 2021 13:31 210

Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2021 шықәса.  Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  амчратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәа - Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура, Апрокуратура хада алархәны аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит.

Аилацәажәара иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаа Саида Быҭәԥҳа, Зураб Қаџьаиа, Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.

Аиԥылараҿы ирзааҭгылан аҵыхәтәантәи аамҭазы Гагра араион аҟны аҭыԥ змаз ахҭыс иадҳәалаз азҵаарақәа.

Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгара иҟанаҵаз аинформациа дазыӡырҩит, иазгәеиҭеит азинхьчаратә усбарҭақәа рыҟны ҭакԥхықәрала, профессионалла аусура азнеира аҭахны ишыҟоу.

Аилацәажәара аихшьалақәа рыла, Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгара адҵақәа жәпакы риҭеит.

Уаанӡа иҟаз адыррақәа рыла, цәыббрамза 15, 2021 шықәса рзы Гагра араион Апрокуратура Гагра ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа араионтә ҟәша аусзуҩцәа Ҳаџьараҭ Багаҭелиа, Дмитри Џьалаӷониа, Ҭемыр Аншба рганахьала  ҳазҭоу ашықәс азы иаанкылаз Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩ  Артиом Русских иганахьала амчхара, абџьар, иара убас иҷыдоу ахархәагақәа рхархәарала амаҵуратә зинмчы армыцхәра азы   аусеилыргара хацнаркит. 

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Апрокуратуреи иара убас Анри Атеиба иԥсра инамаданы аусеилыргаанӡатәи агәаҭара мҩаԥнагоит.

 

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 19:06