Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

УРЫСТӘЫЛА ИҞОУ АԤСНЫ АЦҲАРАЖӘҲӘАҨ ИГОРЬ АХБА ИТАЛИАНТӘИ ИААЗ АДЕЛЕГАЦИА ИДИКЫЛЕИТ

Аԥшьаша, 16 Цәыббра 2021 14:29 247

Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2021. Аԥсныпресс.  Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аҿы ацҳаражәҳәаҩ Игорь Ахбеи Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра  иҷыдоу анапынҵақәа рзы ацҳаражәҳәаҩ  Вито Гриттани напхгара зиҭо италиатәи аделегациа ахаҭарнакцәеи реиԥылара мҩаԥысит. 

Ацҳаражәҳәарҭа аҿы Аԥсныпресс ахь иҟарҵо адыррақәа рыла, Игорь Ахба аделегациа ахаҭарнакцәа аԥсшәа реиҳәеит. Аделегациа аилазаара аҿы иҟоуп  аналитикцәа, аполитологцәа, апартиақәа рхаҭарнакцәа, ажурналистцәа.

Аделегациа Москватәи Аҳәынҭқарратә Университет аҿы имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи анаука-ԥышәатә конференциа «Ауаажәларратә еилазаара адемократиатә стандартқәа реиқәыршәареи алхрақәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи рҿы инарыгӡо ароль».

Анаҩс Игорь Ахбеи Вито Гриттании реиҿцәажәара мҩаԥысит. Урҭ акультуреи аекономикеи русхкы аҿы аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Ацҳаражәҳәаҩ Игорь Ахба «ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа хра злоу акакәны иҟоуп, избан акәзар уи Аԥсны аҭоурых, акультура, атрадициақәа, уҳәа адыррақәа рыларҵәара азы даҽа лшаракны иҟоуп» ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 19:08