Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АШӘАХТӘҚӘЕИ АИЗГАТӘҚӘЕИ РЗЫ АМИНИСТРРЕИ «АМРА-БАНКИ» АУСЕИЦУРАЗЫ АИҚӘШАҲАҬРА РЫБЖЬАРҴЕИТ

Ахаша, 15 Цәыббра 2021 15:43 276

Аҟәа. Цәыббрамза 15, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рминистр Џьансыхә Нанбеи акоммерциатә банк «АМРА-БАНК»  анапхгараҭара ахантәаҩы Нестор Дамениеи «Аусеицуреи аинформациатә еицхыраареи рзы» Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Уи ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рзы  Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара  ахылаԥшра аҭара ахықәкы хаданы иҟоуп.

Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, атәыла ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рзы Аминистрра ашәахтәшәаҩцәа рбанктә ԥхьаӡарақәа раартреи раркреи, аиҿкаарақәеи хазхаҭалатәи ахаҿқәеи рхыԥхьаӡаратә ԥхьаӡарақәа реикәыршареи, уҳәа рзы актуалра злоу аинформациа аҟынӡа анаӡара азы алшара аиуеит.

Аиқәшаҳаҭра иара убас ашәахтәқәеи аихгатәқәеи рзы Аминистрреи «АМРА-БАНКи» рыпрогамматә аалыҵқәа рыла аинформациала аимадара азԥхьагәанаҭоит. Уи ашәахтә шәатәқәа рымҩаԥысшьа ахылаԥшра акыр иарманшәалоит, ҳәа иаанацҳауеит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа Рминистрра аофициалтә саит.  

Аминистрра ареспублика егьырҭ акредиттә еиҿкаарақәагьы аиԥш-зеиԥшу аусшәҟәқәа рыбжьаҵара азы азԥхьагәаҭарақәа амоуп.

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 18:53