Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АМАРШРУТТӘ ТАКСИҚӘА АҚАЛАҚЬБЖЬАРАТӘИ АНЫҞӘАРАҚӘА РЗЫ АХӘԤСАҚӘА ШЬҬЫРХИТ

Ахаша, 15 Цәыббра 2021 17:44 241

Аҟәа. Цәыббрамза 15, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҵыхәтәантәи аамҭазы абылтәи ахьшьтәи рыхәԥсақәа халеит. Ари афакт ауаажәларратә транспорт ала аныҟәара азы ахәԥсақәа ишырнырыз аилкаара иҽазишәеит Аԥсныпресс акорреспондент Дамеи Касланӡиа.   

***

Ашьжьымҭан сара аусурахь Афонҿыцынтәи Аҟәаҟа сааит. Аҟәатәи авокзал ҳаназааигәаха сара амашьынарныҟәцаҩ амҩақьыразы сиазҵааит.  Исоуз аҭак ала уи -  150 мааҭ иркуазаап, убри аан ааигәанӡа 100 мааҭк иркуан. Авокзалынтәи сусуранӡа анаӡаразы ақалақьҩныҵҟатәи амаршруттә таки сақәтәар акәын.  Ара ахәԥса шыҟац иаанханы иҟоуп макьаназы – 20 мааҭ.  Сара аныҟәцаҩ сиазҵааит ақалақь аҩныҵҟа иныҟәо амаршруттә таксиқәа  рыла аныҟәара азы ахәԥсақәа ирызҳараны иҟоума ҳәа сиазҵааит. «Ааи, ааигәа ишьҭыҵраны иҟоуп!», - ҳәа сызҵаара аҭак ҟаиҵеит иара. Ишдыру еиԥш, амаршруткақәа рӷьырак аџьармыкьа аҟынтәи Мрагыларатәи Аԥсны аганахьала идәықәлоит. Уаҟа, амаршруткақәа рныҟәцаҩцәа санрыҿцәажәа еилыскааит Аҟәа инаркны Дранданӡа амҩақьыра шаҟа иркуа еилыскааит. Уи 50 мааҭ рҟынтәи 70 мааҭ рҟынӡа ихалеит.  Агәыӡеранӡа амҩақьыра 30 мааҭ рҟынтәи 50 мааҭ рҟынӡа ихалеит.

«Уаҳа ԥсыхәа ыҟамызт, абылтәы ахәԥса ахьхалаз иахҟьаны ҳаргьы ҳахәԥса шьҭаҳхыр акәхеит», -ҳәа иҳәеит  амашьына аныҟәцаҩцәа руаӡәк.

«Ииашоуп, атариф шьҭаҳхыр акәхеит, аха уаҳа ԥсыхәа ҳамаӡамызт. Сара еиҳарак амаршрут «Аҟәа-Дранда» ала сныҟәоит. Уаанӡа апассаџьарцәа 50 мааҭ ршәон. Ари ахәԥса ԥшьышықәса еиҳаны ԥсахрада иаанханы иҟан. Уажәы ахәԥсақәа шьҭаҳамхызҭгьы ҳусура зынӡа феида аламкәа иҟалон», - ҳәа иҳәеит егьи амашьына арныҟәцаҩ. Уи иара убас амҩақьыра ашьҭыхра азы амашьына арныҟәцаҩцәа ирыдыркылаз аӡбамҭа иамаз даҽа ҵаҵӷәыкгьы далацәажәеит. «Даара рыхә шьҭыҵит автомашьына аԥсахгахәҭақәа. Ҳара ҳзықәтәо амашьынақәа аҳәаанырцә иҭрыжьыз роуп, урҭ рныҟәгара мариаӡам. Иаагозар, сара сҩыза имашьына агьежьқәа ԥсахтәыс имоуп. Уаанӡа гьежьык 4 нызықь иркуазҭгьы, уажәы  уи  5 нызықь иреиҵаны иузыԥшааӡом», - ҳәа иҟоу аҭагылазаашьа дахашааит иара.

Амашьына арныҟәцаҩцәа хазхаҭала амҩақьыра ашьҭыхра шзакәаным еилыркаауеит, аха  уи азы аобиективтә ҭагылазаашьақәа шыҟоу азгәарҭоит.

Апассаџьырцәа амҩақьыра ашьҭыхра шрыдыркылаз азы азҵаара аҭак ҟаҵо амашьына арныҟәцаҩцәа руаӡәк иҳәеит: «Ауаа еилыркаауеит. Ҳара абар шьҭа хәымш ҵуеит амҩақьыра шьҭаҳхиижьҭеи. Иҟоуп жәаҳәарада агәынамӡара аазырԥшуагьы, урҭгьы еилукааратәы иҟоуп, аха апассаџьырцәа реиҳараҩык  уи еилыркаауеит», - ҳәа иҳәеит иара.

Аџьармыкьа аҟынтәи шьҭахьҟа аусурахь саныхынҳәуаз Кьалашәырҟа ицоз амаршруттә такси сақәтәеит. Уи аныҟәцаҩ амҩақьыра ашьҭыхразы ипозициа зынӡа даҽакхеит. «Амҩақьыра шьҭырхыр смаршрутка иақәтәода. Ауаа уеизгьы рҭагылазаашьа уадаҩуп, урҭ зынӡа атроллеибусқәеи автобусқәеи ирықәтәо иалагоит.  Еиӷьын иҟоу шыҟоу иааныжьызҭгьы, имаҷзаргьы ҟәрышьқәак ҳарҳауан», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара. Сара иуеиԥшым егьырҭ амаршруткақәа рпассаџьырцәа   срыҿцәажәеит:  џьоукы иҟоу зегьы «уаҳа ԥсыхәа змам усны» ирыԥхьаӡеит, иҟан иара убас амҩақьыра ашьҭыхра аҭаацәа рбиуџьет хра злам анырра анаҭоит, избан акәзар урҭ рхәыҷқәа- астудентцәа есыҽны егьырҭ ақалақьқәа рҟынтәи Аҟәаҟа иаалароуп ҳәа сҳәазгьы.  Аҵыхәтәантәи аамҭазы атакси ахәԥсагьы халеит: 150 мааҭ иреиҵаны ақалақь иахьаҵанакуа узцаӡом.

*** Аҟәатәи автотранспорттә наплакы анапхгаҩы Леонид Шәлымба Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо аҳҭнықалақь аҿы иҟоу аҭагылазаашьа атәы дахцәажәеит.  

«Амҩақьыра шьҭыҵуеит, аха уи аныҟалоҵәҟьа  макьаназы исызҳәом. Атарифқәа реиқәыршәара мҩаԥысуеит, аихшьаалақәа ҟарҵоит. Автотранспорттә Наплакы ақалақь Ахадара ахь азыҳәамҭа дәықәнаҵахьеит, анаҩс ақалақь Ахадара атәыла аекономика Аминистрра ахь иахәҭоу аусшәҟәқәа дәықәнаҵоит. Апассаџьыр-километр аԥхьаӡара мҩаԥысуеит, анаҩс адыррақәа зегьы аминистрцәа Реилазаара ахь инашьҭхоит. Убарҭқәа зегьы рышьҭахь ауп атариф ҿыцқәа анышьақәырӷәӷәахо», - ҳәа иҳәеит иара.

Аекономика Аминистрра аҟынтәи Аԥсныпресс ахь иаашьҭыз адыррақәа рыла, макьаназы амҩақьыра ашьҭыхразы аӡбамҭа рыдрымкылаӡацт.

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 18:54