Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ОЧАМЧЫРАТӘИ АРАИОНТӘ ХӘЫШӘТӘЫРҬЕИ АФОНҾЫЦТӘИ АХӘЫШӘТӘЫРҬЕИ ИРЛАСУ АМЕДИЦИНАТӘ ЦХЫРААРА АМАШЬЫНА ҾЫЦҚӘА ҲАМҬАС ИАРҬЕИТ

Ахаша, 15 Цәыббра 2021 10:40 214

Аҟәа. Цәыббрамза 15, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Чечентәылатәи Ареспублика аҟынтәи агәабзиарахьчара Аминистрра ҳамҭас иаҭаз ирласу амедицинатә цхыраара амашьынақәа ҩба Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭеи Афонҿыцтәи ахәышәтәырҭеи иазоурыжьит.

Амашьынақәа рыҭара иадҳәалаз агәырӷьаратә церемониа рхы аладырхәит Очамчыра араиони Афон Ҿыц Ахадареи рхадацәа Беслан Бигәааи Ҭемыр Оҭырбеи, ахәышәтәырҭақәа рҳақьым хадацәа Мадонна Кьышьмариеи Луиза Арӡынбеи.

Амашьынақәа рцыԥхақәа рыҭара хаҭала имҩаԥигеит атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.

«Ҳара хәыҷы-хәыҷла ҳавтопарк арҿыцра ҳаҿуп. Иахьа абаланс аҿы иҟоу автомашьынақәа акыр иқәсхьеит. Ҳара Аҟәа араион азы даҽа ҩ-машьынаки ареанимобильки ҳауит», - ҳәа иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр. 

Аминистр Чечентәылатәи Ареспублика иҟанаҵаз ацхыраара азы иҭабуп иҳәеит, амашьынақәа апациентцәа рыцхырааразы ахархәара шаиуо азгәеиҭеит.

Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Мадонна Кьышьмариа араион шдуу, насгьы ауааԥсыра амедицинатә цхыраара рыҭара азы  лассы-лассы ақыҭақәа рахь ацара шрықәшәо азгәалҭеит.

«Иҟалалоит акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 злаҽыз ачымазцәа зыԥшра ҟамҵаӡакәа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа ахь ианыгатәу», - ҳәа илҳәеит Мадонна Кьышьмариа.

Чечентәылатәи Ареспубликеи Аԥсни Анапхгарақәа иҭабуп ҳәа рарҳәеит иара убас  Беслан Бигәааи Ҭемыр Оҭырбеи. Урҭ ирццаку амедицинатә цхыраара амашьына ҿыцқәа акоронавирустә ҿкы чымазара апандемиа инамаданы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа уадаҩ азы акыр ихымԥадатәиуп ҳәа инаҵшьны иазгәарҭеит. 

 

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 18:46