Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АБЫЛРАЦӘЫХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА АКАДЕМИА АԤСНЫТӘИ АКУРСАНТЦӘА АРРАТӘ ҬОУБА РУИТ

Амҽыша, 12 Цәыббра 2021 10:45 257

Аҟәа. Цәыббрамза 12, 2021 шықәса.  Аԥсныпресс.  Сынтәа Урыстәылатәи Афедерациа иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иатәу абылрацәыхьчаратә маҵзура Академиа аԥснытәи быжьҩык акурсантцәа цәыббрамза 11 рзы арратә ҭоуба ҟарҵеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура. 

Аԥснытәи акурсантцәа аҵаразы Урыстәылатәи Афедерациа иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иатәу абылрацәыхьчаратә маҵзура Академиа ахь рдәықәҵара азы Анапхгарабжьаратәи Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥган  2010 шықәсазы. Анаҩстәи ашықәс азы ҳреспублика аҟынтәи раԥхьатәи астудентцәа  Урыстәыла ахылаԥшырҭатә ҵараиурҭақәа рахь  идәықәҵахеит.

 

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 18:43