Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ АЖУРНАЛИСТЦӘА РЕИДГЫЛЕИ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АМЕДИА-КЛУБ «ФОРМАТ-А3» АПАРТНИОРТӘ ЕИЗЫҞАЗААШЬАҚӘА РЫБЖЬАЛЕИТ

Аԥшьаша, 02 Цәыббра 2021 17:30 372

Аҟәа. Цәыббрамза 2, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.   Аԥсны ажурналистцәа Реидгылеи жәларбжьаратәи амедиа-клуб «Формат-АЗ» апартниортә еизыҟазашьақәа рыбжьалеит. Иарбоу амедиа-клуб агазеҭ «Комсомольскаиа правда» ажурналистцәа рыла ԥхынгәымза 2009 шықәсазы иаԥҵан.

Аҵыхәтәантәи жәашықәса ирылагӡаны амедиа-клуб Таллин, Рига, Вильниус, Кишениов, Минск ақалақьқәа рҿы аинтеллектуалтә еиԥыларақәа жәпакы еиҿнакаауан. Уажәы уи аусура Аԥсны анагӡара иазхиоуп.

Амедиа-клуб аусура апрофессионалтә журналисттә еилазаара аҿы аилибакаара аҩаӡара аизырҳра иазырхоуп. Акырӡа аҵанакуеит ԥыхьатәи Асовет Еидгыла ареспубликақәеи  иааизакны адунеи зегьы аҿи имҩаԥысуа ахҭысқәа рзы аобиективра злоу аинформациа ала аимадара ашьақәыргылара.

«Апроект апснытәи ажурналистцәа урыстәылатәи аинтеллектуалтә елита ахаҭарнакцәа рԥылара, Урыстәыла, Аԥсны, иааизакны адунеи зегьы аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа рзы аспикерцәа ишиашоу азҵаарақәа рыҭара, азҵаарақәа жәпакы рыла агәаанагарақәа реимадара азы, уҳәа алшара роуеит.

Аекспертцәа раҳасабала Аԥсны аҭаара иазхиоуп еицырдыруа ажурналистцәа, ашәҟәыҩҩцәа, аполитологцәа, аекономистцәа, акультуреи аҟазареи русуҩцәа», -  ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла.

Жәларбжьаратәи амедиа-клуб «Формат-А3» Аԥсны ажурналистцәа Реидгылеи апроектқәа реицынагӡара иалагоит ҳазҭоу ашықәс цәыббрамза иахымгакәа. Апроект асасцәа ралкаара аан Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ажурналистцәа, ареспублика амассатә информациа ахархәагақәа  рредакциақәа, иара убас Аԥсны  арҿиаратә еидгыларақәеи анаукатә институтқәеи рабжьгарақәа ҳасаб азнауеит.

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 18:37