Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АМИЛИЦИА АУСЗУҨЦӘА АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АНАРКОТИКАТӘ МАҬӘАШЬАРҚӘА РЫЛА «АҬАҴӘАХҚӘА» ҞАЗҴОЗ АУАҨЫ ДААНЫРКЫЛЕИТ

Аԥшьаша, 02 Цәыббра 2021 17:21 375

Аҟәа.  Цәыббрамза  2, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.   Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара ахылаԥшра азы Аусбарҭа аусзуҩцәа анаркотикатә маҭәашьарқәа рыла «имаӡоу аҭаҵәахқәа» рыҟаҵаразы игәҩароу, аамҭала Аҟәа ақалақь аҿы инхо,   1999 шықәса рзы ииз Саидов Карим –иԥа дааныркылеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Хаҭалатәи агәаҭараан амилициа аусзуҩцәа Карим Саидов идырбалеит иагьимырхит 12 еилаҳәара. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аексперттә криминалисттә Центр аҿы имҩаԥгаз аҭҵаара ала еилкаахеит уи анаркотикатә маҭәашьар «метадон» шаку.   

Иаанкылаз иганахьала анаҩс имҩаԥгаз аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа раан,  Карим Саидов уи уаанӡа иҟаиҵахьаз «аҭаҵәахқәа» рҭыԥ аирбеит, араҟа ицәырган даҽа ҩ-еилаҳәарак.

Карим Саидов иҟаиҵаз адыррақәа рыла, «аҭаҵәахқәа» ахьыҟоу аҭыԥқәа зныз афотосахьақәа амобилтә еимадарала уи «адиспетчер» ҳәа изышьҭоу иахь идәықәиҵон, анаҩс уи азы аԥаратә хархәагақәа иоуан, ҭыԥк азы уи ахәԥса 600 мааҭ рҟынӡа инаӡон. Ианкылаз аамҭала дахьынхо аҭыԥ аҿы иԥшаан даҽа 26 еилаҳәарак, урҭ Карим Саидов рыҭира дахьымӡаӡеит.

Карим Саидов имхыз анаркотикатә маҭәашьар «метадон» акапан азеиԥш шәагаа 16 грамм аҟынӡа инаӡоит. Карим Саидов иганахьала Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 224 ахәҭа 3 инақәыршәаны аусеилыргара хацыркуп.

Игәҩароу Карим Саидов  анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа раахәара, рыҵәахра, рыиагара, аҭиаразы рыҵәахра, ахәҭакахьала зыкапан ҷыдала идуу анаркотикатә маҭәашьарқәа рыҭира азы аара идҵоуп. Аусеилыргара мҩаԥнагоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусеилыргаратә ҟәша.

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 18:33