Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ИКАҲАЗ АҴЛАҚӘА ИРЫХҞЬАНЫ АВТОТРАССА «ԤСОУ-ЕГРЫ» АҾЫ АНЫҞӘАРА ААМҬАЛА ИААНКЫЛЕИТ

Аԥшьаша, 02 Цәыббра 2021 18:23 426

Аҟәа. Цәыббрамза 2, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Ақәыршҩи аԥшасреи ирыхҟьаны иҵыҩрыз аҵлақәа Очамчыра араион Аӡҩыбжьа ақыҭеи Кындыӷ ақыҭеи рыбжьара Ԥсоуи Егри еимаздо автотрасса ианаҳалеит.  Убри иахҟьаны араҟа аамҭала амашьынақәа рныҟәара аанкылан, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Очамчыра ақалақь абылра-цәыхьчаратә ҟәша аусзуҩцәа аҳәынҭқарратә автоинспекциа араионтә ҟәша аусзуҩцәеи акоммуналтә нхамҩа аусзуҩцәеи рыцхыраарала икаҳаз аҵлақәа ԥыҟҟаны, амҩа аҟынтәи иқәыргеит, иара убри ала амҩагьы аадыртит. Иарбоу амҩаду ахәҭа аҿы автомашьынақәа рныҟәара инагӡаны еиҭашьақәыргылоуп.

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 18:40