Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ҚЫРҬТӘЫЛА ИҞАНАҴАЗ АҚӘЫӶӘӶӘАРА ИАХҞЬАНЫ АԤСНЫ АХӘААХӘҬРА-ААГЛЫХРАТӘ ПАЛАТА АЦӘЫРГАҚӘҴА «CNR FOOD ISTANBUL» АЛАХӘХАРАЗЫ АЗИН АМОУӠЕИТ

Аԥшьаша, 02 Цәыббра 2021 15:17 309

Аҟәа. Цәыббрамза 2, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамза 1 азы Сҭампыл ақалақь аҿы иаатит афатәқәеи арыжәтәқәеи жәларбжьаратәи рцәыргақәҵа «CNR Food Istanbul».  Арыжәтә џьбарақәеи аҩы атәы здыруеи ирызку II иҷыдоу асекциа аҿы  Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата алахәхареи аԥснытәи аарыхыҩцәа раалыҵ аӡыргареи азԥхьагәаҭан.   

«Аха, рыцҳарас иҟалаз, Ҭырқәтәыла иҟоу Қырҭтәыла Ацҳаражәҳәарҭа ихьыԥшым аҳәынҭқарра аҳасабала Аԥсны Аҳәынҭқарра иарбоу ацәыргақәҵа алахәхара азы апротест ҟанаҵеит. Убри азы Қырҭтәыла Ацҳаражәҳәарҭа Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахь ашәҟәы дәықәнаҵеит.

Ахәҭакахьала, Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иҟанаҵаз ақәыӷәӷәара ала ацәыргақәаҵа аиҿкааҩцәа ацәыргақәҵа аартара маҷк шагыз Аԥсны атәыла алахәылацәа рсиа ишаныху азы Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата ахь адырра аарышьҭит», - ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата. Ацәыргақәҵа алахәхаразы аӡбамҭа Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата анапхгара аҿы ианаамҭаз ирыдыркылеит: апавилионқәа рысхемақәа аус рыдулареи ашәҟәы аҭагалара ахысреи ирызку азҵаарақәа рзы аиҿцәажәарақәа мҩаԥган, апавилион адекори ақьыратә хәыԥса ахшәаареи рзы иахәҭоу аԥаратә хархәагақәа рхыԥхьаӡалара мҩаԥган. 

Аиԥш-зеиԥшу ахҭыс мчыбжьык аԥхьа иҟалахьан, усҟан Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата  Польша аҳҭнықалақь Варшава  имҩаԥысраны иҟоу афатәқәеи арыжәтәқәеи рцәыргақәҵа «WorldFoodPoland» алахәхаразы мап ацәкын.  Иарбоу ацәыргақәҵа амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп мшаԥымза 5-7, 2022 шықәса рзы. Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата аҿы ишазгәарҭо еиԥш, ацәыргақәҵа аиҿкааҩцәа убасҵәҟьа иарбоу ахҭыс Польша иҟоу Қырҭтәыла Ацҳаражәҳәарҭеи Польша адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи иҟарҵаз ақәыӷәӷәара ауп изыхҟьаз. «Ас еиԥш ахҭысқәа уажәаԥхьагьы изныкымкәа аҭыԥ аиухьан. Уи ус иуҳәар ауазар, Қырҭтәыла азы традицианы ишьақәгылахьеит». Қырҭтәыла Ацҳаражәҳәарҭақәа адунеи зегьы аҿы Аԥсны Ахәаахәҭара-Ааглыхратә Палата еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа рҿы алахәхара даара ирласны негативла ахҳәааи «ашьапҿаршәқәеи» алнаршоит, иара убри ала иарбоу апроцесс аԥырхагара азы аҽазышәарақәа ҟанаҵоит.     Убри аан Қырҭтәылатәи аган Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата инанагӡо аусура ахшыҩзышьҭра ӷәӷәа анаҭоит, иацклаԥшуеит, ҷыдала COVID-19 алаҵәара иадҳәалоу аԥкрақәа ралагалара аамҭахәҭа азы.  Ас еиԥш ауснагӡатәқәа Аԥсни аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәеи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа рыҿиара иазырханы  Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата инанагӡо аусура акыр иаԥырхагоуп. Ахәаахәҭара-Ааглыхратә Палата ареспублика адәныкаекономикатә усура аҿиареи аҭыԥантәи аалыҵ аекспорт аеффективра аизырҳареи иазырхоу аусура иааиԥмырҟьаӡакәа инанагӡоит», - ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата иаланарҵәаз аҳәамҭа аҿы. Қырҭтәыла аганахьала лассы–лассы аԥықәсларақәеи апровакациақәеи аҭыԥ шрымоугьы, Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата аринахысгьы ацәыргақәҵа-џьармыкьатә усмҩаԥгатәқәа ирылхәхалоит, ареспублика ахьӡ ҳаразкуа аусура нанагӡалоит, Аԥсны иазку ииашоу аинформациа адунеизегьтәи аилазаара аҟынӡа анагара алнаршалоит. CNR Food Istanbul иуникалтәу абизнес-платформаны иҟоуп, уи Сҭампыл аекспертцәа Рассоциациа аҟынтәи адгылара змоу 35 000 – ҩык рҟынӡа инаӡо апрофессионалтә ҭааҩцәа ирзырхоу  1000 бренд алахуп. Ачыстә ааглыхреи Европа, Ааигәа Мрагылара, Аҩадатәи Африка, Урыстәыла, Балкан, уҳәа рҟынтәи арыжәтәқәа рҭыжьреи рзы апрофессионалцәа  ҭырқәтәылатәи ааглыхра  аҿы абизнес аҿиара азы хра злоу алшара ҿыцқәа аԥнаҵоит.

WorldFood Poland – Польша иҟоу афатәи арыжәтәқәеи рцәыргақәҵа ду ауп.  Уи арегионалтә дестрибиутарцәа, еиуеиԥшым ахәаахәҭыҩцәа, аҭыжьыҩцәа, ассоциациақәа еиднакылоит. Ацәыргақәҵа иҟоу аклиентцәеи аусуратә партниорцәеи радыԥхьалареи радгалареи азы хра злоу аинструмент аҳасабала ахы аанарԥшит.

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 18:24