Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

2022 – 2025 ШШ. АԤСНЫ АСОЦИАЛ-ЕКОНОМИКАТӘ ҾИАРА АПРОГРАММА АУС АДУЛАРА МҨАԤЫСУЕИТ

Аԥшьаша, 02 Цәыббра 2021 16:18 398

Аҟәа. Цәыббрамза 2, 2021ш. Аԥсныпресс.             «Абҵарамза, 2014 шықәса рзы Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аусеицуреи астратегиатә еиҩызареи рзы Аиқәшаҳҭра рнапы аҵарҩит.   Ари Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны иаку асоциал-економикатә ҿиара аҵакыра аԥаҳҵароуп, уи еиҿурԥшыр зуа аԥҭазааратә ҩаӡара азԥхьагәанаҭоит. Ҳара ҳекономика иамоу алшарақәа Шәара зеиӷьаҟам ала ишәдыруеит, ҳара Урыстәыла адгыларада, аинфраструктура ахь аинвестициақәа ралагарада ԥсыхәа ҳааӡам. Ҳара ҳзы ихымԥадатәны иҟоуп 2022-2025шш. Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-еконоикатә ҿиара азы   еицышьақәыргылахо Апрограмма. Апрограмма апроект аус адулара Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аҿы еиԥш Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара Аминистрра аҿгьы имҩаԥысуеит. Ҳара иарбоу аусшәҟәы аредакциак ҳауит, уи аус адулара ҳаҿуп», - Аԥсныҟа аусуратә визитла иааны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвачи, афымцамч аминистр ихаҭыԥуаҩ Евгени Грабчаки дырԥыло абри атәы далацәажәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәыла анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит иҟарҵо ацхыраареи адгылареи рзы. Аслан Бжьаниа дырзааҭгылеит аԥсуа гани урыстәылатәи аделегациеи злацәажәараны иҟаз азҵаарақәа жәпакы. Уи иара убас ареспублика аҿы макьаназы аекономика аҿы шьаҭанкылатәи аиҭакрақәа шыҟамлац азгәеиҭеит. «Ҳара ҳреспублика аҿы иахьа аусурҭадара апроблема шыҟац иаанхоит, Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәа ирҿырԥшны аулафахәы аҩаӡара лаҟәуп. Ари аҭагылазаашьа хымԥада ирҽеитәуп», - ҳәа иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.  Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара Апрограмма залагалара азԥхьагәаҭоу ахырхарҭақәа дырзааҭгылеит. Урҭ иреиуоуп – амҩатә инфраструктура, афымцамч, агазификациа, аӡылеиқәыршәара, аканализациа, аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылареи ахархәарахь аҭареи, аихамҩа, мшынла аимадара, икьакьоу абзазаратә црыҵқәа аус рыдулара, ақьырсиантә культуратә баҟақәа  реиҭашьақәыргылара, ашәахтә хырхарҭа иадҳәалоу азҵаарақәа, аҳәынҭқарратә ҳәааҿы иҟоу аҭагылазаашьа уҳәа, убас егьырҭгьы.

«Еиқәыԥхьаӡоу аусурақәа рымҽхак акыр иҭбаауп, насгьы урҭ рынагӡаразы иаҭаххо аԥаратә хархәагақәа маҷӡам, аха урҭ рыцәшәара аҭахӡам, урҭ ашықәсқәа рыла   еихшахоит. Уи ауп ҳара ҳуааԥсыра рыԥсҭазаара аҩаӡара аизырҳара алзыршо. Уи еиӷьу иахьазы уаҳа даҽа механизмк ыҟаны избом. Ауаа усуратә ҭыԥла ианеиқәшәахалак, урҭ иҭышәынтәалоу ахашәалахәы роуа ианыҟалалак – усҟан уи ҳара акыр зҵазкуа аус аҟаҵара ҳалҳаршеит ҳәа ауп иаанаго», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. 

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 18:27