Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АШӘАХТӘҚӘЕИ АИЗГАТӘҚӘЕИ РЗЫ АМИНИСТРРА АХЬ 1438-ҨЫК АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ УСЗУҨЦӘЕИ АДЕПУТАТЦӘЕИ РХАШӘАЛАХӘҚӘЕИ РНЫХТӘҚӘЕИ РЗЫ АДЕКЛАРАЦИАҚӘА АЛАРГАЛЕИТ

Аԥшьаша, 02 Цәыббра 2021 12:18 301

Аҟәа. Цәыббрамза 2, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.    Аҳәынҭқарратә усзуҩцәеи адепутатцәеи  рхашәлахәқәа, рныхтәқәа, рмазара, иара убас амазаратә ҟазшьа змоу рҭакԥхықәреи адекларациа азура азы азакәан анагӡареи, инагӡоу аусуреи уи  раԥхьатәи алҵшәақәеи дрылацәажәеит Аԥсуа телехәаԥшра апресс-центр аҿы имҩаԥигаз апресс-конференциа аҿы иҳәеит Аԥсны ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рминистр Џьансыхә Нанба.

Нанҳәамза 31 рзы, азакәан инақәыршәаны, адекларантцәа рҟынтәи аинформациа алагалара азы иазыԥҵәаз аҽҳәара нҵәеит.   Ари амш аҽны ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рзы Аминистрра аспециалистцәа асаит ахь атехникатә наӡара адыркит, шьҭарнахыс аелектронтә база изеиԥшразаалак адыррақәа ралагалара залыршахом.

Џьансыхә Нанба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, зынӡа адекларациақәа аларгалеит 1438-ҩык адекларантцәа, убри аан уи иажәақәа рыла, адекларант ихазы еиԥш иҭаацәагьы рзы  адекларациа хаирҭәаароуп. Зынӡа ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рзы Аминистрра аелектронтә база ахь анаӡара азы азыҳәамҭақәа аларгалеит 128 еиҿкаара. Убри аан урҭ рхыԥьаӡара акыр еиҳауп. Азакәан инақәыршәаны, адекларациа ахарҭәаара руалуп  411 абиуџьеттә еиҿкаареи 140 рҟынӡа аунитартә наплакқәеи, иара убас абиуџьеттә сфера иаҵанамкуа, аха азакәан инақәыршәаны адекларациақәа ралагалара зыхәҭаны иҟоу еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи.

Иара убас Џьансыхә Нанба аусура анагӡараан ицәырҵуаз ауадаҩрақәа дрылацәажәеит.

«Азакәан рашәарамзазы ирыдыркылеит, уи анагӡаразы ҳара екстерла аӡбамҭақәа ҳадаҳкылар акәхеит. Иуадаҩын, раԥхьаӡа иргыланы ҳара ҳҟынтәи аӡәгьы ари азакәан анагӡара техникала аҽазыҟаҵара имаӡамызт. Аха уеизгьы, атәыла ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рзы Аминистрра ари ахыдҵа анагӡара алнаршеит», –  ҳәа иҳәеит Џьансыхә Нанба.

Уи Аминистрра аусзуҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит мҽхакы ҭбаала инарыгӡаз аусура азы. Уи иара убас ауаажәларра, ҷыдала Аминистрра ахь изныкымкәа инеихьаз акоррупциаҿагыларатә закәанқәа рыдкылара азы аԥшьгаратә гәыԥ алахәылацәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Ҳара ицәырҵуаз азҵаарақәа ҳрылацәажон. Уи ҳаизыҟазаашьақәа иаарту аҟазшьеи, урҭ ирыҵоу агәреибагареи аанарԥшуеит. Убарҭ роуп адекларациақәа рхарҭәаара зыхәҭоу ҳауаажәларреи ҳмаҵурауааи иарбоу апроцесс иаҵоу аҵакы ахадара ахшыҩзышьҭра арҭартә аҟаҵара алзыршаз», – ҳәа иҳәеит Џьансыхә Нанба. Уи иара убас ицәырҵуаз азҵаарақәа зегьы оперативла аӡбара алыршахон ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Ашәахтә Хылаԥшырҭа ахада иарбоу аетап аҿы Ахылаԥшырҭа ахыдҵа хаданы иҟан азакәан ишаҳәо еиԥш аелектронтә база ашьақәыргылара ҳәа адырра ҟаиҵеит. Иара убас, Џьансыхә Нанба асаит иану адекларациақәа ақьаадтә вариантқәа иреиԥшӡам ҳәа еизаз иргәалаиршәеит. Адекларантцәа рхала ихадырҭәаауа ақьаадтә декларациақәа рҿы иануп еиҳа инарҭбаау адыррақәа. Ари азҵаара аганахьала убасҵәҟьа адискуссиақәеи аимак-аиҿаки ахылҿиааит. Убри инамаданы, атәыла ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рзы Аминистрра Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы иахь иарбоу азҵаарақәа рыла иреиҳаӡоу азакәанԥҵаратә усбарҭа иааннакыло апозициа аарԥшра азы аҳәара зну ашәҟәы дәықәнаҵеит.

Атема алацәажәара иацҵо аминистр Ахылаԥшырҭа азинмчы змоу аусбарҭақәа зегьы инагӡоу адыррақәа рбаза ахь анаӡара аиҿкаара иазку аусура нанагӡоит ҳәа иазгәеиҭеит.

Аелектронтә база аиқәыршәара нарыгӡоит IT-аспециалистцәа. Иарбоу аусурақәа рзы ахарџь иааиуа ашықәс азы атәыла ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рзы Аминистрра абиуџьет иалагалахоит, ҳаԥхьаҟагьы азинмчы змоу аусбарҭақәа зегьы инагӡоу аинформациа роулоит.

Иара убас Џьансыхә Нанба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рзы Аминистрра аҿы  хазы игоу акоррупциаҿагыларатә усбарҭа аартра азԥхьагәаҭоуп .

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 18:18