Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ АНАПХГАРА АҾЫ АЏЬАР ҞАԤШЬ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АКОМИТЕТ АУСУРА АХӘШЬАРА ҲАРАКЫ АРҬОИТ

Ахаша, 01 Цәыббра 2021 12:15 224

Аҟәа. Цәыббрамза 1, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Кавказ хабарда ибжьаӡыз рзы Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Акомитет (МККК)  ахаҭарнак Дениель Максуини, Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Акомитет (МККК) Амиссиа ахада Натан Реиесоми, Амиссиа ахада ицхырааҩ Борис Казанбеи идикылеит.

Аиԥылара аҿы Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Акомитет ареспублика аҿы инанагӡо аусура иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, ахәҭакахьала,  1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аан Аԥсны иахьаҵанакуа хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара иадҳәалоу азҵаарақәа ирзааҭгылеит.  

Кавказ хабарда ибжьаӡыз рзы Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Акомитет (МККК) ахаҭарнак Дениель Максуини Аԥсны аибашьраан хабарда ибжьаӡыз рыԥсыбаҩ аԥшаареи рхаҭара ашьақәыргылареи рзы апрограмма анагӡара аҩаӡара хабарда ибжьаӡыз рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи 10%  рҟынӡа инаӡоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит, убри аан, ҿырԥштәыс иаагозар, Балкан иахьаҵанакуа ари аусура аҩаӡара 70 % рҟынӡа инаӡахьеит.

Уи ишазгәеиҭаз ала, Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Акомитет (МККК) аҿы хабарда ибжьаӡыз ауаа рыуацәеи рҭынхацәеи ргәаҟрақәа маҷк иадамзаргьы арԥсыҽра хықәкыс иҟаҵаны, атәыла Анапхгареи дареи ирыбжьоу аусеицура иабзоураны, Аԥсны инарыгӡо аусура алҵшәақәа реииӷьтәра азы алшарақәа реизырҳара азы агәҭакқәа рымоуп.  

Ахәҭакахьала, Алеқсандр Анқәаб  атәыла Анапхгара аҿы Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Акомитет (МККК) Амиссиа ала Аԥсны имҩаԥысуа аусура уаанӡа еиԥш уажәгьы ахәшьара ҳаракы арҭоит, убри аан  аиҿкааратәии егьырҭ апроцессқәеи рҿы  излауа ала ганрацәалатәи ацхыраара аҭара иазхиоуп  ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Борис Казанба иара убас Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Акомитет (МККК) инанагӡо аусура акыр зҵазкуа актуалра злоу  ахырхарҭа  – акоронавирустә ҿкы чымазара апандемиа аҽагылара аан социалла ихьысҳау ауааԥсыра ацхыраареи адгылареи рыҭара далацәажәеит.

«Зықәрахь инеихьоу, аӡәгьы дызмам ауаа, еиҳарак ақалақьи иҿиоу аинфраструктуреи иацәыхараны инхо, апандемиа аан акыр ауадаҩрақәа ирықәшәоит. Адгылара рыҭалатәуп иара убас амедицинатә усбарҭақәа рузуҩцәагьы, абахҭа иҭаку ргәабзиара иахылаԥшуагьы уахь иналаҵаны.  Аԥсны иҟоу Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Акомитет (МККК) иарбоу акатегориа иаҵанакуа ауааԥсыра ацхыраара рыҭара ҷыдала ахшыҩзышьҭра анаҭоит», -  ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Борис Казанба. 

Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Акомитет ахаҭарнакцәа 2021 – 2022 шш. апандемиа аамҭахәҭа азы еиҳарак иаҭаххараны иҟалар зылшо  ацхыраара иазҵааит.

Аиԥылара иалахәыз иззааҭгылаз азҵаарақәа зегьы рыла атәыла Анапхра аус ацура ишазхиоу азгәарҭеит. 

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 17:58