Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АПАРТИА "АИҬАИРА" АҴАРАШЫҚӘС ҾЫЦ АЛАГАЛАРА АЗЫ АДНЫҲӘАЛАРА ҞАНАҴЕИТ

Ахаша, 01 Цәыббра 2021 13:16 203

Аҟәа. Цәыббрамза 1, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аполитикатә партиа «Аиҭаира» аҵарашықәс ҿыц алагара азы адныҳәалара аланарҵәеит.

«Цәыббрамза 1 – ари аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи аҭаацәеи рзы акыр аҵак ду змоу  мшуп. Ҷыдала ари амш азы ргәы хыҭхыҭуеит раԥхьаӡа акәны ашкол ахь зшьапы еихызхуа ахәыҷқәа. Иалаго аҵарашықәс ҿыц уи иаԥхьанеиуаз еиԥшҵәҟьа даара имариам аҭагылазаашьақәа рҿы иалагоит.

Арҵаҩцәа аҵара-ааӡаратә процесс ишахәҭоу ала аиҿкааразы ихымԥадатәиу агәабзиареи агәамчи рзеиӷьаҳшьоит. Аиҳабацәа ируалуп ахәыҷқәа аҵареи аизҳареи рзы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа роуртә аҟаҵара. Зегьы раԥхьаӡа иргыланы урҭ рыԥсҭазаареи ргәабзиареи ахьчара азы аҭакԥхықәра ҳадуп.

Иалагаз аҵарашықәс ҿыц азы ақәҿиарақәеи аихьӡарақәеи шәзеиӷьаҳшьоит!» - ҳәа иаҳәоит адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.

 

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 18:06