Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИА: «АДЫРРА АМШ – ЗЕГЬЫ ҲЗЫ ҶЫДАЛА АҴАК ДУ АМОУП»

Ахаша, 01 Цәыббра 2021 11:13 182

Аҟәа. Цәыббрамза  01, 2021 шықәса.  Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аҵаҩцәеи, арҵаҩцәеи, аҭаацәеи аҵарашықәс ҿыц алагамҭа рыдиныҳәалеит.

"Акыр иаԥсоу аҵаҩцәа, арҵаҩцәа, аҭаацәа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит аҵарашықәс ҿыц алагара амш!  Ари амш зегьы ҳзы аҵак ду амоуп. Раԥхьатәи аҵәҵәабжьы иацны иаҳзааиуеит аныҳәа, уи наунагӡа ҳаԥсҭазаараҿы инхоит, уи иацзаауеит ҳхәыҷра иазкыу агәалашәарақәа, ҳарҵаҩцәа ргәыблыра, урҭ ирҿаҳҵааз адырра, иҳауз аԥышәа.

Адырра амш лымкаала аҵак амоуп раԥхьаӡа акәны ашкол ахь зшьапы еихызго ахәыҷқәа рзы. Урҭ имҩаԥыргоит иахьа раԥхьатәи аурок. Исҭахәуп аманшәалареи, ақәҿиара дуқәеи ацзарҵ иахьа изныло амҩа ду.

Срыдныҳәалоит аҿар рааӡара знапы иану, ҳаҭыр ду зқәу ҳарҵаҩцәа. Даҽа аамҭанык иеиԥшымкәан шәара ишәыдуп аҭақԥхықәра ду. Ахәыҷқәа аҵарадырра рыҭара инаваргыланы лымкаала ахылаԥшра рышәҭароуп. Макьана  имцац адунеи зымҽхазкыз ачымазара ковид иацу ашәарҭара, иҳамазароуп агәҽанызаара, хрықәныҟәалароуп аҳақьымцәа рабжьгарақәа.

Адырра амш иара убас ирыдысныҳәалоит иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рыстудентцәа, абжьара-заанаҭтә ҵараиурҭақәа рҿы здырра аззырҳауа. Иҳазгәакьоу  аҿар, шәара шәоуп знапы иану ҳаԥсадгьыл уаҵәтәи аԥеиԥш. Уи анырра арымҭар залшом аҵарахьы иаашәырԥшуа агәцаракра, ишәырҳауа адырра. Ишәзеиӷьысшьоит агәабзиара, ақәҿиара дуқәа, анасыԥ лаша.

 

Ҳаҭырла,

Аслан Бжьаниа,

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада."

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 17:53