Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ЦӘЫББРАМЗА 1 АЗЫ – АДЫРРАҚӘА РЫМШ АЗГӘАРҬОИТ

Ахаша, 01 Цәыббра 2021 10:12 169

Аҟәа. Цәыббрамза 1, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 1 азы иазгәарҭоит адыррақәа Рымш. Ари амш аҽны Аԥсны 153 аҳәынҭқарратә  школқәеи ахазхаҭалатәи ҩ-школки  аҵаҩцәа рзы рышәқәа аадыртит.

Сынтәа раԥхьаӡа акәны ашкол ахь ршьапы еихыргеит 2056 – ҩык ахәыҷқәа, урҭ рахьынтә  900-ҩык инареиҳаны Аҟәа ақалақь аҿы.

Аԥсны аҵарадырреи абызшәатә политикеи рзы Аминистрра адыррақәа рыла, зынӡа Аԥсны аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара 28 нызықь-ҩык рҟынӡа инаӡоит.  

Ареспублика аҿы ишьақәгылаз асанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьа шыуадаҩугьы, ашколқәа абжьааԥнытәи арежим ала аус рулоит. Аклассқәа рҿы аурокқәа ашәахьа инаркны ахәашанӡа имҩаԥыслоит, асабшеи амҽышеи ԥсшьарамшқәахоит. Убри аан ашколқәа зегьы рҿы асанитар-епидемиологиатә абжьгарақәа зегьы рынагӡара хымԥадатәуп. 

***

Иу. Н. Воронов ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №3 аҿы адыррақәа Рымш иазкны аныҳәатә цәаҳәақәгылара мҩаԥысит.

Ашкол №3 адиректор Маииа Пагава аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи аҵарашықәс ҿыц алагара рыдылныҳәалеит. Уи  сынтәа раԥхьаӡа акәны ашкол ахь зшьапы еихызгаз рхыԥхьаӡара 100-ҩык рҟынӡа инаӡоит ҳәа иазгәалҭеит.  

«Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа, аҵаҩцәа, урҭ рҭаацәа, асасцәа, сколлегацәа! Ишәыдысныҳәалоит адыррақәа Рымш. Иахьа  иреиӷьу ашколтә традициақәа рыла ҳара ҳарԥылоит 100 – ҩык инарзынаԥшуа актәи акласс ахь ицо аҵаҩцәа.  Ишәзеиӷьасшьар сҭахуп аманшәалареи абзиареи. Арҵаҩцәеи аҭаацәеи ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәа зцу аусеицура, аманшәалара. Сара убасҵәҟьа аиҳабыратә классқәа срыдныҳәалар сҭахуп. Ишәзеиӷьасшьоит қәҿиарала аҵара аҵареи ашкол алгареи, анаҩс атәыла аҿиара азы ихымԥадатәиу азанааҭқәа ралхреи», - ҳәа илҳәеит лара.

*** Б.Шьынқәба ихьӡ зху абжьаратәи ашкол №1 ахь раԥхьаӡа ршьапы еихыргеит 74-ҩык ахәыҷқәа.  ***

Ахазхаҭалатәи азеишҵараиурҭатә школ «Альфа» аҿы игеит раԥхьатәи аҵәҵәабжьы. Сынтәа араҟа актәи акласс ахь иааит  30-ҩык аҵаҩцәа.

Ашкол адиректор Фатима Дауҭиа актәи акласс ахь ицо ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи дрыдныҳәало иазгәалҭеит: «Ари зеиӷаҟам мшуп, избан акәзар иахьа шәара шәхәыҷқәа  раԥхьаӡа акәны ашкол ахь ршьапы еихыргоит.  Ҳара ари ашықәс ҷыдала ақәҿиарақәа шацзаауа азы агәыӷра ҳамоуп», - ҳәа илҳәеит Фатима Дауҭиа.  Лара аҵаҩцәа агәабзиареи аҵараҿы ақәҿиарақәеи рзеиӷьалшьеит..   

Адиректор лхаҭыԥуаҩ Асҭанда Ҳаџьымба ишазгәалҭаз ала, сынтәа ашкол аҿы иаатит актәи аклассқәа хԥа. Ашкол аҿы аҵара рҵоит 140-ҩык инарзынаԥшуа аҵаҩцәа.  

«Сынтәа иҟоу асанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьа ҳасаб азуны уахәаԥшуазар, адкылара дууп», - ҳәа иазгәалҭеит Асҭанда Ҳаџьымба.  

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 17:51