Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ИАХЬА ИХАЦЫРКХОИТ АШЬАПЫЛАМПЫЛ АЗЫ АԤСНЫ АЧЕМПИОНАТ АҨБАТӘИ АҞӘША

Аҩаша, 31 Нанҳәа 2021 16:10 156

Аҟәа. Нанҳәамза 31, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.   Иахьа, нанҳәамза 31 рзы ихыцыркхоит ашьапылаипыл азы Аԥсны ачемпионат аҩбатәи аҟәша.

11 атур аҟәатәи астадион "Динамо" аҿы имҩаԥысраны иҟоу акомандақәа «Динамои» (Аҟәа) "Шахтиори" (Ҭҟәарчал) рыбжьара имҩаԥгахо аматч ала иаатуеит .

Цәыббрамза 1 азы Афон ҿыц ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоуп акомандақәа "Афони"  ачемпионат аҿы иԥхьагылоу гәдоуҭатәи акоманда "Риҵеи".

Цәыббрамза 2 рзы Гагра ақалақь аҿы  11 атур аматч хада мҩаԥысраны иҟоуп. Араҟа  акоманда «Гагреи» аҟәатәи акоманда «Нарҭи». еиԥылоит, урҭ атурниртә таблица аҿы аҩбатәии ахԥатәии аҭыԥқәа еиҩыршоит.

Цәыббрамза 3 рзы  Гагра ақалақь, Даур Ахвледиани ихьӡ зху астадион аҿы 11 атур ахыркәшаратә матч мҩаԥысраны иҟоуп.  Цандрыԥшьтәи "Саӡи" галтәи "Самырзаҟани" еиԥылоит.

Акомандақәа ари асезон аҿы зныкгьы аиааира рымгаӡацт. Аматчқәа ралагара аамҭа   асааҭ  17:00 рзы.

Ашьапылампылтә Афедерациа иҟанаҵо адыррақәа рыла, аматчқәа ишиашо ицо аефир ала ахәаԥшра ҟалоит Аԥсуа телехәаԥшра аканал  «Система-спорт» ала, иара убас асоциалтә катақәа рыла.  

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 17:49