Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ АҼЫКӘАБАРАТӘ СЕЗОН АОФИЦИАЛЛА ИАРКХОИТ ЦӘЫББРАМЗА 28 РЗЫ

Аҩаша, 31 Нанҳәа 2021 15:08 147

Аҟәа. Нанҳәамза 31, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҽыкәабаратә сезон аофициалла иаркхоит цәыббрамза 28 рзы. Ас еиԥш аӡбамҭа еицрыдыркылеит Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иатәу шәагаала имаҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭқарратә Инспекциеи, аекологиа азы аҳәынҭқарратә Еилаки рнапхгаҩцәа, иара убас ареспублика араионқәа зегьы рхадацәеи.

Иарбоу аӡбамҭа адкылараан зегьы раԥхьаӡа иргыланы амшынӡы аҟәандара алаҟәра, иаҳа лассы-лассы ацәқәырԥара алагара, ацәқәырԥақәа раҳаракыра еиԥш иҟоу аԥсабаратә факторқәеи, иара убас убри зегьы иадҳәалоу амшын аҿы иҟоу ашәарҭарақәеи ҳасаб рызун.

Цәыббрамза 28  рзы ареспублика аплиажқәа рҿы аԥсеиқәырхагатә пунктқәа русура аанкылахоит, ақалақьтә ӡымҽхак аҿы аҽакәабаратә зона алызкаауа аԥкратә ӡҳаарбагақәа ықәгахоит. 

Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иатәу шәагаала имаҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭқарратә Инспекциа аофициалла аҽыкәабаратә сезон аркра ашьҭахь аӡы аҿы ишәарҭадоу ахымҩаԥгашьеи шәагаала имаҷу аӷбақәа ишәарҭадоу рхархәареи азы аԥҟарақәа хымԥада рықәныҟәара азы агәҽанызаара ҟанаҵоит.

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 17:48