Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ГӘДОУҬАТӘИ АРАИОНТӘ ХӘЫШӘТӘЫРҬА АҾЫ ИҞОУ АКОМПИУТЕРТӘ ТОМОГРАФ МЫШҚӘАК РЫШЬҬАХЬ АУСУРА ИАЛАГАР ҞАЛОИТ

Аҩаша, 31 Нанҳәа 2021 14:07 152

Аҟәа. Нанҳәамза 31, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.   Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуаррд Быҭәба  Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы иԥхасҭахаз акомпиутертә томограф аиҭашьақәыргылара шымҩаԥысуа гәеиҭарц азы иарбоу амедицинатә усбарҭа даҭааит.

Иацы урыстәылатәи аспециалистцәа иԥхасҭахаз акомпиутертә томогратә ахәҭа рыԥсахит, еиԥҟьарада афымцамч ала аиқәыршәара ахыҵхырҭа аусуралшара гәарҭеит.

"Иҟаҳҵаз аҿаҵа ала атамограф иԥхасҭахаз ахәҭа аԥсахра мҩаԥган, аппарат аԥышәатә режим ала аусура хацыркын. Агәаҭаратә ҭҵаара мҩаԥган. Атамограф аусура иалагеит", - ҳәа адырра ҟаиҵеит агәабзиарахьчара аминистр.

Убри аан Едуард Быҭәба уажәы еиԥҟьарада афымцамч ала аиқәыршәара назыгӡо аиқәыршәага аусурлшара агәаҭарақәа мҩаԥысуеит ҳәа иазгәеиҭеит. Иарбоу аусурақәа шаахыркәшахалак еиԥшҵәҟьа атамограф ахархәарахь ииагахоит.

Аспециалистцәа уи мышқәак ишадхало азы аминистр агәра идыргеит.

 

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 17:46