Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҞӘАТӘИ АҚАЛАҚЬТӘ ЕИЗАРА АДЕПУТАТЦӘА АҚАЛАҚЬТӘ АҾЫКЧЫМАЗАРАТӘ ХӘЫШӘТӘЫРҬА АЗЫ АҲАУАҬЫШӘНЫРТӘАЛАГАҚӘА ААРХӘЕИТ.

Аҩаша, 24 Нанҳәа 2021 15:46 307

Аҟәа. Нанҳәамза 24, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи ақалақьтә Еизара адепутатцәа ақалақьтә аҿыкчымазаратә хәышәтәырҭа азы аҳауаҭышәныртәалагақәа аархәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәатәи ақалақьтә Еизара апресс-маҵзура.

«Акоронавирустә ҿкы чымазара апандемиа иахҟьаны аҿыкчымазаратә хәышәтәырҭа абар шьҭа ҩы-шықәса ирылагӡаны иамоу ақәыӷәӷәара дууп. Ақалақь анапхгара ари ахәышәтәырҭа иацхраауеит, ашьҭаларҭа-ҭыԥқәа ирыцҵоуп,  ачымазцәа хәшәылеи аныхтә маҭәахәқәеи рыла реиқәыршәара еиҿкаауп.

Ари иуадаҩу аамҭазы аҳақьымцәеи амедицинатә персонали рзы аморалтә цхыраара акырӡа аҵанакуеит. Урҭ ауаажәларреи, ахәҭакахьала адепутатцәеи рҟынтәи адгылара шрымоу рныруазароуп. Ҳара ҳҳақьымцәа рҽазҵәылхны ааԥсарак ҟамҵакәа аус руеит, ауаа рыԥсҭазаарақәа еиқәдырхоит, убри аан рхаҭагьы ацхыраара рҭахуп. Иҭабуп ҳәа раҳәо урҭ агәабзиареи аизҳазыӷьареи аманшәалареи рзеиӷьасшьар сҭахуп. Ахәышәтәырҭа аҿы аҳауаҭышәныртәалагақәа рышьақәыргылара, маҷк иадамзаргьы аҳақьымцәа русушьа арманшәалап, урҭ рпациентцәа рыхәшәтәраан хра злоу цхыраагӡаны иҟалап ҳәа агәыӷра сымоуп, - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Иракли Харчлаа.

 

 

Last modified on Ахаша, 25 Нанҳәа 2021 13:55