Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

УРЫСТӘЫЛА АТӘЫЛАХЬЧАРА АМИНИСТРРА ИАТӘУ АЛАДА УРЫСТӘЫЛАТӘИ АРРАТӘ ОКРУГ АМШЫНЕИҚӘАТӘ ФЛОТ АРАДИАЦИАТӘ, АХИМИАТӘ, АБИОЛОГИАТӘ ХЬЧАРА АРХӘҬАҚӘА РЫСПЕЦИАЛИСТЦӘА ГӘДОУҬЕИ ГАГРЕИ АҚАЛАҚЬҚӘА РСОЦИАЛТӘ ИНФРАСТРУКТУРА ИАҴАНАКУА АОБИЕКТҚӘА РЫРЗҨЫДАТӘРА МҨАԤ

Аҩаша, 24 Нанҳәа 2021 14:44 227

Аҟәа. Нанҳәамза 24, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла атәылахьчара Аминистрра иатәу Алада Урыстәылатәи Арратә Округ Амшынеиқәатә Флот арадиациатә, ахимиатә, абиологиатә хьчара архәҭақәа рыспециалистцәа ареспублика ауааԥсыра рсанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәалара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Гәдоуҭа ақалақь аҿы 120 нызықь квадраттә метр инарзынаԥшуа, Гагра ақалақь аҿы  40 нызықь квадраттә метр инарзынаԥшуа асоциалтә инфраструктура иаҵанакуа аобиектқәа рырзҩыдатәра мҩаԥыргеит.

Шьыжьы инаркны Урыстәылатәи Афедерациа Амшынеиқәатә флот арратә корпус арадиациатә, ахимиатә, абиологиатә хьчара еизаку аотриад аруаа араион Ахадара, араионтә хәышәтәырҭа, араионтә поликлиника, аҩныҵҟатәи аусқәа араионтә ҟәша, аџьармыкьа Хадеи, иара убас Гәдоуҭатәи аспорттә школи  ахыбрақәа рхаҿратә ханқәеи уи аҵакырақәеи  арзҩыдатәра  иазку аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргеит.   Гагр ақалақь аҿы  - араион Ахадареи аџьармыкьа Хадеи рхыбрақәа.

Зынӡа азҩыдатәратә усмҩаԥгатәқәа иалахәхоит 30 – ҩык рҟынӡа Урыстәылатәи Афедерациа Амшынеиқәатә флот арратә корпус арадиациатә, ахимиатә, абиологиатә хьчара еизаку аотриад аспециалистцәа, ареадиациатә, ахимиатә, абиологиатә хьчара 10 автомашьына – уи ақәҭәагатә зҩыдатәразы амобилтә комплексқәа, дегазациа - даҽакала иуҳәозар, ишәарҭоу ахимиатә маҭәашьарқәа  рҟынтәи аҵакырақәа, ақәыԥшыларақәа, еиуеиԥшым аҭыԥқәа, амаҭәарқәа, аргыларақәа, амаҭәа, уҳәа рызҩыдатәра иазку аусмҩаԥгатә, иара убас  дезактивациа ҳәа изышьҭоу иҟьашьу аҭыԥ арадиациатә маҭәашьарқәа рҟынтәи аус рыдулара иазку аусмҩаԥгатәи, дезинфекциа ҳәа изышьҭоу, ачымазара зырҿио амикробқәа рықәгареи атоксинқәа рықәыхреи рзы аиқәыршәагатә комплектқәа - ДКВ-1К, ареактивтә рныҟәага змоу иҷыдоу арԥхаратә машьына ТМС-65У, иԥхоу аԥҭҳәа ықәзырчо агенераторцәеи, ДК-4 ҳәа изышьҭоу иҷыдоу аусдуларазы акомплектқәеи.  Иара убас  арадиациатә, ахимиатә, абиологиатә хьчара азы урыстәылатәи архәҭа арратә специалистцәа азеиԥш хархәара змоу амҩадуқәагьы рҿы азҩыдатәра иазку аумҩаԥгатәқәа нарыгӡоит. Урыстәыла атәылахьчара Аминистрра иатәу Алада Урыстәылатәи Арратә Округ Амшынеиқәатә Флот арадиациатә, ахимиатә, абиологиатә хьчара архәҭақәа рыспециалистцәа   азҩыдатәра иазку аусурақәа раан рхы иадырхәуеит иҷыдоу ахимиатә маҭәашьар ДТС-ГК, убри аан иршәуп иҷыдоу ахьчаратә маҭәа «Нерехта». 

 

 

Last modified on Ахаша, 25 Нанҳәа 2021 13:56