Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ИРЕИҲАӠОУ АӠБАРҬА КЛЕМАНТОВИЧИ СКАРЕДНОВЕИ РЫШЬРА АЗЫ ЗУС ӠБОУ АСЛАН ҴӘЫЏЬБА ИГАНАХЬАЛА АҚӘНАГАҚӘЫРШӘАРА АҼҲӘАРАХЫРԤАРА АЗЫ АӠБАМҬА АДНАКЫЛЕИТ.

Аҩаша, 24 Нанҳәа 2021 12:43 192

Аҟәа. Нанҳәамза 24, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 11, 2021 шықәса рзы ашьаусеилыргаратә усқәа рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩ Кәарҷиа Р.В. ихантәаҩрала, аӡбаҩцәа Гамсаниа  Г.Г, Цушба М.С. зеилазаараҿы иҟоу Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа акассациатә коллегиа адукат Ҵәыџьа М.Б. Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа ҩыџьа - Клемантович С.П., Скареднова О.С..  рԥаареи, анаҩс урҭ гәҭакыла рышьреи  рзы жьҭаарамза 28, 2016 шықәса рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ала зус ӡбаз Ҵәыџьба Аслан Шьықәыр-иԥа иинтересқәа рыхьчара азы иалалгалаз акассациатә шшабӷьыц иахәаԥшит.

Иарбоу ацәгьоура   цәыббрамза  11, 2012 шықәсазы гәыԥҩык ауаа, ахәҭакахьала инҭкааны иуҳәозар, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ԥыхьатәи адепутат Кәыҵниа Н.Иу., Ҵәыџьба А.Ш., Бигәаа Д.Ф., Хмаил Р.Н., Гоԥиа А.Ш. заанаҵтәи рцәыҵеицәажәарала инагӡан.  Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокуратура Хада аофициалтә саит.

Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа акассациатә коллегиа ахь ашшабӷьыц  актәи аинстанциа аӡбарҭа Аслан Ҵәыџьба иганахьала ақәнагақәыршәара уи игәы бзиахаанӡа аҽҳәарахырԥара азы аҳәара  мап ацәкра  инамданы инашьҭын.

Ашшабӷьыц  ахәаԥшра алҵшәақәа рыла, актәи аинстанциа аӡбарҭа иаднакылаз аӡбамҭа азакәан иақәшәоит ҳәа аӡбаҩ Мимоза Цушба иҷыдоу лгәаанагарала актәи аинстанциа аӡбарҭа аӡбамҭа аԥыхны иҿыцу аӡбамҭа рыдыркылеит. Ҵәыџба Аслан Шьықәыр-иԥа иганахьала ихьуа ичымазара инамаданы ақәнагақәыршәара анагӡара  6  мыз ирылагӡаны (жәабранмза 11, 2022 шықәсанӡа), аҷаҷачымазареи алақәа рчымазареи Аԥсны анҭыҵ рыхәшәтәра рзы  аҽҳәарахырԥара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.  

Ҵәыџьба Аслан Шьықәыр-иԥа Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа азыӡба ала жьҭаарамза 11, 2013 шықәса инаркны ирӷәӷәоу арежим змоу ариашаратә колониа аҿы ақәнагақәыршәара ихигоит.  Уи 20 шықәса ҭакрала ахгара иқәҵан.

Уаанӡа, абҵарамза 7, 2017 шықәса рзи жәабранмза  2, 2019 шықәсеи рзы ақәнагақәыршәара иаԥырхагоу ачымазара ӷәӷәақәа рыҟазаареи, аӡбарҭа аӡбамҭақәа рышьаҭала  ргәабзиара аҭагылазаашьа ҭышәынтәалахаанӡа рхы иақәиҭтәын Сергеи Клемантовичи Оксана Скаредновеи рышьра иалахәыз егьырҭ ауаа – Гоԥиа Ахра Шалоди-иԥа (14 шықәса ҭакрала иқәҵоу), Хмаил Рамин Нури-иԥа (13 шықәса ҭакрала иқәҵоуп). Рхы иақәиҭтәын.

Бигәаа Д.Ф., Кәыҵниа Н.Иу. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент 1992-1993 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш  27- шықәса ахыҵра иазкны цәыббрамза 29, 2020 шықәсазы иаднакылаз Ақәҵара инақәыршәаны, амнистиа акт анагӡара мҩаԥган.   

Кәыҵниа Н.Иу., Бигәаа Д.Ф., ирхырымгац аҭакра ашықәсқәа еиҵартәеит. (Кәыҵниа Н.Иу. – 16 шықәса иқәҵоуп, Бигәаа Д.Ф –  15 шықәса иқәҵоуп). 

Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокуратура Хада Ҵәыџьба Аслан Шьықәыр-иԥа иқәҵоу ақәнагақәыршәара аҽҳәарахырԥаразы аӡбамҭа иаахҵәаны иақәшаҳаҭӡам.  Убри инамаданы уи Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум ахь ахылԥшратә  дгалара адәықәҵара азԥхьагәаҭаны иамоуп.

 

Last modified on Ахаша, 25 Нанҳәа 2021 13:52