Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АУС ЗУА АРРАТӘ МОБИЛТӘ ХӘЫШӘТӘЫРҬА АҞЫНТӘИ ДЫЛЫРҨААИТ АКТӘИ ЗГӘЫ БЗИАХАЗ АПАЦИЕНТ.

Аҩаша, 24 Нанҳәа 2021 10:41 225

Аҟәа. Нанҳәамза 24, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Иҿыцу акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 ашьҭахь згәы бзиахаз актәи апациент Аҟәа ақалақь аҿы аус зуа афункциа рацәа назыгӡо арратә хәышәтәырҭа аҟынтәи дылырҩааит, ҳәа иаанацҳауеит Алада Урыстәылатәи Арратә Округ апресс-маҵзура.  

Апациент ихымԥадатәиу ахәышәтәратә курс дахысит, уи ашьҭахь ачымазара алаҽра азы еиҭамҩаԥгаз алабораториатә комплекстә ҭҵаарақәа апациент ачымазара илаҽӡам ҳәа иаадырԥшит. Иара убас апациент ахәышәтәра мҩаԥызгоз аҳақьым иҟынтәи анаҩстәи абжьгарақәа иоуит. 

Аладатәи арратә Округ амедицинатә специалистцәа астационартә хәышәтәра аҳасабала ахәышәтәырҭа аҿы ирыдыркылахьеит 40-ҩык апациентцәа.  Ачымазцәа ареспублика араионқәа зегьы рҟынтәи арахь иааргоит ирласу амедицинатә цхырааразы амашьынақәа рыла. Ашьҭаҵареи анаҩстәи ахәышәтәреи рзы аӡбамҭа адкылара ачымазаҩ инхарҭаҭыԥ иааҵанакуа аҳақьымцәа рақәыршаҳаҭрала имҩаԥысуеит. 

Алада Урыстәылатәи Арратә Округ аҳақьымцәа уахи-ҽни инеиԥынкыланы Аҟәа ақалақь аҿы аус зуа арратә мобилтә хәышәтәырҭа аҿы  апациентцәа рыдкылареи ахәышәтәра-диагностикатә  усмҩаԥгатәқәеи мҩаԥыргоит, ареспублика ақалақьқәа рлабораториақәа рҟынтәи иаарго анализқәа ПЦР-диагностика нарыгӡоит. Хымш ирылагӡаны имҩаԥган  100 инареиҳаны анализқәа, алҵшәақәа зегьы шьҭахьҟа ареспублика алабораториақәа рахь идәықәҵахоит, уи атестҟаҵара иақәырӡхо аамҭа акыр иармаҷуеит, анализ ҩынҩажәа минуҭ ирҭагӡаны имҩаԥгахоит.

Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра  иатәу афункциарацәа назыгӡо арратә мобилтә хәышәтәырҭа 100-шьҭаларҭа-ҭыԥ амоуп. Ианаҭахха азы инацҵаны даҽа  50 шьҭаларҭа-ҭыԥ аиқәыршәаразы алшара ыҟоуп. Уи иҿыцу акоронавирусттә ҿкы чымазара злаҽыз ауаа рыстационартә хәышәтәра иазкуп. Амшьамбақәа рҿы адкыларатә ҟәша, алабораториа,  арентген-кабинет ыҟоуп. 

Ахәышәтәра-диагностикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы ахәышәтәырҭа ҳаамҭа иақәшәо амедицинатә еиқәыршәагақәеи ихымԥадатәиу ахәшәқәеи, арыԥҳақәа рыҩныҵҟа иԥсабаратәым аҳауеиҭныԥсахлара аппаратқәа, апациентцәа рҭагылазаашьа интенсивла ахылаԥшра азы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа агәаҭара азы ахархәагақәа, ПЦР-лабораториа, уҳәа  рыла еиқәыршәоуп.

 

 

Last modified on Ахаша, 25 Нанҳәа 2021 13:53