Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АШЬРАЗЫ ДЫГӘҨАРОУП ҲӘА ЗЫԤШААРА ИАҾЫЗ АРКАДИ БЖЬАНИА ИААНКЫЛАРА АЛЫРШАХЕИТ.

Аҩаша, 24 Нанҳәа 2021 13:39 249

Аҟәа. Нанҳәамза 24, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аӡбаҩ  Милана Џьынџьалԥҳа лхантәаҩрала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа игәҩароу Аркади Бжьаниа  иҭакра азы аҳәынҭқарратә харадҵаҩ иҟынтәи иҟаҵаз аҳәара адгылара анаҭеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәатәи аӡбарҭа аофициалтә саит.

Заанаҵтәи аусеилыргара аусбарҭақәа рыла Аркади Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра  ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ  99 ахәҭа 1 , ахәҭаҷ 217 ахәҭа  1 инарықәыршәаны, цәыббрамза 3, 2019 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз Омари Шьакаиа ишьра афакт ала дыгәҩароуп. 

Цәыббрамза 5, 2019 шықәса рзы ауаҩшьразы игәҩароу  Аркади Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа иԥшаара рылаҳәан.  

Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбамҭа инақәыршәаны, ауаҩшьразы игәҩароу Аркади Бжьаниа инагӡаны иусеилыргараанӡа ахьырхәра аҳасабала цәыббрамза  20, 2021 шықәсанӡа аҭакра иқәҵоуп.

 

 

Last modified on Ахаша, 25 Нанҳәа 2021 13:54