Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АЕНЕРГЕТИКА, ИЗАКӘАНЫМКӘА АКРИПТОВАЛИУТА АИУРА ААНКЫЛАРА, АЕПИДЕМИОЛОГИАТӘ ҬАГЫЛАЗААШЬА, АКОМПИУТЕРТӘ ТАМОГРАФ – АБАРҬ ИАКТУАЛТӘУ АЗҴААРАҚӘА ИРЫЗКЫН АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ИҾЫ ИМҨАԤГАЗ АИЛАТӘАРА.

Ахәаша, 20 Нанҳәа 2021 14:23 179

Аҟәа. Нанҳәамза 20, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа актуалра злоу атәыла аԥсҭазаара азҵаатәқәа жәпакы ирызкыз аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит.

Аилацәажәараҟны ирзааҭгылан Аԥсны иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи акоронавирус аламырҵәаразы ауснагӡатәқәа, афымцасистема аҭагылазаашьа, изакәанымкәа акриптовалиута аиура ааанкылара, иара убас аԥсабаратә рыцҳара иҟанаҵаз аԥхасҭа аҧыхра иазкыз азҵаарақәа.

Аилацәажәара иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгара, Аминистрцәа  реилазаара алахәылацәа, аҳәынҭқарратә еилахәырақәа рнапхгаҩцәа.

Ареспубликатә унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор хада инапынҵақәа назыгӡо Ҭенгьыз Гырџьынба ари аусхк аҟны иҟоу аҭагылазаашьа атәы далацәажәеит. Уи иажәақәа рыла, ҳазҭагылоу аамҭазы уахыки-ҽнактәи афымцамч ахархәара 5 млн квт еиҳауп, ари 500 квт  рыла иара анорма еиҳауп. Ҭенгьыз Гырџьынба излазгәеиҭаз ала, афымцамч ахархәара ашьҭыҵра аԥсшьара аамҭа ишамадоу еиԥш, даҽакала уи ахархәарагьы еиҳахеит.

Аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩ Ҭемраз Амқәаб иазгәеиҭеит Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо 4700 цыра амаинингтә аппаратқәа шаҿыху, урҭ рахьтә 1100 цыра Аԥсны анҭыҵ ишалгоу. Аусӡбарҭа азыӡбала 600 нызқь мааҭ инарзынаԥшуа ахараԥса шәоуп. Аусӡбаратә усеилыргараҿы иҟоуп 14 млн. инареиҳаны зҵазкуа ашшрақәа.

Аҳәынҭқарра Ахада аиҳабыра ирыдиҵеит жьҭаарамзанӡа афымцастанциақәа рырҽеиразы аинвесторцәа злахәхо аиқәшаҳаҭрақәа рыпроектқәа разырхиара.

Аслан  Бжьаниа ари ахырхарҭала аусура амҩаԥысшьазы агәынамӡара ааирԥшит. Анаҩс, иазааҭгылан ԥхынгәымза 4 рзы, ԥхынгәымза 26 ауха, нанҳәамза 16 рзы аҭыԥ змаз аԥсабаратә рыцҳара атәылауаа ирнаҭаз аԥырхага, аԥхасҭа зауз ауааԥсыра ацхыраара рыҭара азҵаара.

Аԥыза-министр далацәажәеит амшцәгьа ахҟьа-ԥҟьақәа рымҽхак ашьақәыргылара апроцесси аԥхасҭа зауз ауааԥсыра ацхыраара рыҭареи шымҩаԥсыуа атәы. 

Алеқсандр Анқәаб иажәақәа рыла, аԥшабааԥс иҟанаҵаз аԥхасҭа иартәеит 80 млн. мааҭ, иблыз аҩнқәа хԥеи, 19 машьынеи аламҵакәа. Амшцәгьа аԥхасҭа рнаҭеит зынӡа 231 ҩны. Иахьазы ацхыраара рыҭаразы 4 млн. мааҭк рызшәоуп Гәылрыԥшь араион ауааԥсыра.

Ақәыршҩқәа раан аԥхасҭа роуит 242 обиект. Иҟалаз аԥхасҭа амҽхак ашьақәыргылара макьанагьы имҩаԥысуеит. Иазгәаҭан аҳәынҭқарра арыцҳара иақәшәаз ауаа ацхыраара рыҭаразы иалшо зегьы шыҟанаҵо. 

COVID-19 иаҿагыланы ақәԥареи акоронавирустә ҿкы аламырҵәареи рзы ауснагӡатәқәа ртәы далацәажәеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба. Уи ишиҳәаз ала, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы иҟоу астатистика ачымазара маҷк аԥсыҽхара ишаҿу аныԥшуеит. Аҳәынҭқарра амчала стационарла ачымазцәа рыхәышәтәразы 500 каруаҭ-ҭыԥ еиҿкаауп. Ахәԥса акырӡа ишеиҳахазгьы, аҵәыҵәри аахәара еиԥҟьарада имҩаԥысуеит. Иазгәаҭан Аԥсны Афизика-техникатә институт аҟны аҵәыҵәри аҭыжьра  аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа шымҩаԥысуа атәы.

Аилацәажәараҟны иазааҭгылан ауаажәларра рыҩныҵҟа аимак рацәаны изхылҵыз  Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҟны иҟоу акомпиутертә томограф иадҳәалоу азҵаарагьы. 

Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб иазгәеиҭеит акомпиутертә томограф ҿыц аахәара аҭахны ишыҟоу азы ипозициа шышьақәирӷәӷәо. Убри аан, уи иҳәеит Акоординациатә штаб аилатәараҟны иҟаиҵаз аҳәамҭаҟны аҽԥынкыла шаламыз, аппарат ахә зшәаз аԥсуа наплакҩцәа ргәы нзырхаша ажәагьы шимҳәаз. «Сгәаанагарала, аҭиҩы аахәаҩ дирҩашьеит ауп»,- инаҵшьны иазгәеиҭеит аԥыза-министр.

Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа  Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа иҳәеит анаплакҩцәа аԥыза-министр Акоординацитә штаб аҟны иҟаиҵаз аҳәамҭазы ргәынамӡара еилукаартә ишыҟоу. Уи игәаанагарала аҳәамҭа аахжәаны иҟаҵан.

Аҳәынҭқарра Ахада амеценытцәа аамҭа цәгьа ҳанҭагылаз иҟарҵаз ацхыраара акырӡа аҵак ду шаҵоу, уи шеилкаау азы инаҵшьны иазгәеиҭеит. Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҟны иҟоу акомпиутертә томограф аиҭашьақәыргылара шаҭаху, агәабзиарахьчара аминистр инапы ианиҵеит иаарласны аилахәыреи дареи аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵарц атомограф аусуразы иаҭаху ахәҭақәа адгаларазы. 

 

Убри аан Аҳәынҭқарра Ахада ари аҩыза амыруга атәыла егьырҭ амедицинатә усҳәарҭақәагьы ишырҭаху азгәаҭаны, акомпиутертә томограф ҿыц аахәаразы аԥара аԥшаара нап шарктәу иҳәеит.

Аилацәажәараҟны ирзааҭгылан егьырҭ, иактуалтәу азҵаарақәа жәпакы. 

 

 

 

 

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 15:26