Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АРҬҞӘАЦГАҚӘЕИ АЏЬАԤҲАНИ АРҨШЬЫГАТӘ МАҬӘАШЬАРҚӘЕИ ИЗАКӘАНЫМКӘА РЫҴӘАХРА АҾЫ ИГӘҨАРОУ ДААНКЫЛОУП.

Аҩаша, 24 Нанҳәа 2021 17:47 315

Аҟәа. Нанҳәамза 24, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 12 рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа Гал араион иаҵанакуа арҭҟәацгақәеи аџьаԥҳани арҩшьыгатә маҭәашьарқәеи изакәанымкәа рыҵәахра азы игәҩароу, Лада Барӷьаԥ инхо, 1986 шықәса рзы ииз Гәаӡба Гьаргь Владимир-иԥа дааныркылеит.  Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, игәҩароу Гьаргь Гәаӡба иҩны аҵакыреи иҩны аҩныҵҟеи имҩаԥгаз агәаҭарақәа рышьҭахь иԥшаан, анаҩс амхрагьы мҩаԥган ҩ-ԥжәагак змоу ҩ-гранатак «Ф-1», зыхҭалашәара   5,45 мм рҟынӡа инаӡо  45 цыра апатронқәа, автомат Калашников азы апатронаҭрақәа ҩба, иара убас анаркотикатә маҭәашьар «марихуана».

Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аексперттә-криминалисттә Центр иҟанаҵо адыррақәа рыла,  зымхра мҩаԥгаз аџьаԥҳани арҭҟәацгақәеи зегьы ахархәара зылшо акакәны иҟоуп. Зымхра мҩаԥгаз арҩышьыгатә маҭәашьар «марихуана» азеиԥш капан  286,7 грамм рҟынӡа инаӡоит.

Иаанкылоу Гәыӡба Гьаргь Гал араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аамҭалатәи аԥхьакырҭа ахь днагоуп.

Гал араион Апрокуратура Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 217 ахәҭа 1(иҭҟьо абџьар, уи ахәҭа хадақәа, аџьаԥҳаны, арҭҟәацгақәа, арҭҟәацгатә маҭәахәқәа, уҳәа изакәанымкәа раахәара, реиҭарсра, рыҭира, рыҵәахра, рыиагара, мамзаргьы рныҟәгара), Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ  223, ахәҭа  3 ( ҷыдала шәагаала идуу анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа рыҵәахра) инарықәыршәаны аусеилыргара хацнаркит. 

 

 

Last modified on Ахаша, 25 Нанҳәа 2021 13:49