Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АӠИА РИҴА АҾЫ ЗИНДА АПЛИАЖ ЕИҾКААУП ҲӘА АИНФОРМАЦИА ШЬАҚӘЫРӶӘӶӘАМХАӠЕИТ.

Ашәахьа, 23 Нанҳәа 2021 14:00 263

Аҟәа. Нанҳәамза 23, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иатәу шәагаала имаҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭқарратә Инспекциа аӡиа Риҵа ахь аинспекциатә ҭаара мҩаԥнагеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аиқәырхаратә Хылаԥшырҭа Хада аофициалтә саит.

Аиқәырхаҩцәа Сталин идача аганахьала аӡиас аҟәараҿы зинда аӡҭаларҭа еиҿкаауп ҳәа ироуз адырра агәаҭара хықәкыс иҟаҵаны ари аусмҩаԥгатә еиҿыркааит. Аҭаара иалагӡаны иарбоу афакт шьақәзырӷәӷәоз ҳәа акагьы алкаамхеит. Риҵатәи амилаҭтә реликтә парк иахьҵанакуа аӡҭалареи аҽыкәабареи шыҟамло, насгьы иарбоу аԥҟара еилазго ахараԥса  шрықәҵахо азы адырра зну астендқәа шьақәыргылоуп.  

Убри анаҩс Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иатәу шәагаала имаҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭқарратә Инспекциа аусзуҩцәа аӷба маҷқәеи акатамаранқәеи рыла аӡиа иху атуристцәа аиқәырхага жилет рымазаара гәарҭеит. Атуристцәа аиқәырхага жилетқәа рымамзаара иадҳәаланы иаарԥшыз ахҭысқәа рзы аӷба маҷқәеи акатамаранқәеи рыԥшәмацәа  атуристцәа урҭ ршәырхуеит, иара убри ала рхаҭа аӡы аҿы аҟазаара ашәарҭадара аԥҟарақәа еиларгоит ҳәа иазгәарҭон.

Аиқәырхаҩцәа аӷба маҷқәеи акатамаранқәеи рыԥшәмацәа атуристцәа рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭазыргыло иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рыҟамларазы иарбоу азинеилагарақәа рыԥхьырҟәҟәаара азы абжьгарақәа рырҭеит.

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 16:28