Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ АДЕЛЕГАЦИА НИЖНИ НОВГОРОД 800-ШЫҚӘСА АХЫҴРА ИАЗКУ АНЫҲӘАТӘ УСМҨАԤГАТӘҚӘА ИРЫЛАХӘУП.

Асабша, 21 Нанҳәа 2021 11:11 181

Аҟәа. Нанҳәамза 21, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Алхас Кәыҵниа напхгара ззиуа аделегациа Нижни Новгород 800 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ирылахәуп.

Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа Аԥсны Аҳәынҭқарра аофициалтә делегациа Нижни Новгород 800 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рыҟны напхгара азиуеит.

Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Қаџьаиа, адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Гагра араион Администрациа ахада ихаҭыԥуаҩ Алхас Барцыц, Пицунда ақалақь Администрациа ахада Руслан Хәынҵариа.

Аԥснытәи аделегациа аиубилеитә ныҳәа иалахәуп Нижегородтәи аобласт агубернатор Глеб Никитин иҟаиҵаз ааԥхьарала.

Аԥшьацқьа Алеқсандр Невски ихьӡ зху акафедралтә ныха архиреитә резиденциаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниеи Нижегородтәи амитрополиа Ахада, Аурыс иашахаҵаратә ныха аепископ амитрополит Гьаргьи реиԥылара мҩаԥысит.

Алхас Кәыҵниа ҳамҭас амитрополит ианеишьеит аԥсышәала иҩу Ауасиаҭ Ҿыц.

 

 

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 16:04