Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АЛАДА УРЫСТӘЫЛА АРРАТӘ ОКРУГ АҲАҚЬЫМЦӘА АРРАТӘ МОБИЛТӘ ХӘЫШӘТӘЫРҬА АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ХӘЫМШ АУСУРА ИАЛАГӠАНЫ АКОРОНАВИРУСТӘ ҾКЫ ЧЫМАЗАРА COVID-19 ЗЛАҼЫЗ 42-ҨЫК АПАЦИЕНТЦӘА РЫДКЫЛАРА РЫЛШЕИТ.

Ашәахьа, 23 Нанҳәа 2021 14:07 246

Аҟәа. Нанҳәамза 23, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Алада Урыстәылатәи Арратә Округ аҳақьымцәа абар шьҭа хәымш ирылагӡаны уахи-ҽни инеиԥынкыланы Аҟәа ақалақь аҿы аус зуа арратә мобилтә хәышәтәырҭа аҿы  апациентцәа рыдкылареи ахәышәтәра-диагностикатә  усмҩаԥгатәқәеи мҩаԥыргоит.

Уажәы ахәышәтәырҭа аҿы рҽырхәышәтәуеит акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 азы здиагноз шьақәырӷәӷәоу  42 –ҩык апациентцәа. Ачымазцәа ареспублика араионқәа зегьы рҟынтәи арахь иааргоит ирласу амедицинатә цхырааразы амашьынақәа рыла. Ашьҭаҵареи анаҩстәи ахәышәтәреи рзы аӡбамҭа адкылара ачымазаҩ инхарҭаҭыԥ иааҵанакуа аҳақьымцәа рақәыршаҳаҭрала имҩаԥысуеит. 

Иара убас Алада Урыстәылатәи Арратә Округ аҳақьымцәа ареспублика ақалақьқәа рлабораториақәа рҟынтәи иаарго анализқәа ПЦР-диагностика нарыгӡоит. Хымш ирылагӡаны имҩаԥган  100 инареиҳаны анализқәа, алҵшәақәа зегьы шьҭахьҟа ареспублика алабораториақәа рахь идәықәҵахоит, уи атестҟаҵара иақәырӡхо аамҭа акыр иармаҷуеит, анализ ҩынҩажәа минуҭ ирҭагӡаны имҩаԥгахоит.

Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра  иатәу афункциарацәа назыгӡо арратә мобилтә хәышәтәырҭа 100-шьҭаларҭа-ҭыԥ амоуп. Ианаҭахха азы инацҵаны даҽа  50 шьҭаларҭа-ҭыԥ аиқәыршәаразы алшара ыҟоуп. Уи иҿыцу акоронавирусттә ҿкы чымазара злаҽыз ауаа рыстационартә хәышәтәра иазкуп. Амшьамбақәа рҿы адкыларатә ҟәша, алабораториа,  арентген-кабинет ыҟоуп. 

Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра Аладатәи Арратә Округ апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Аԥсны атәылахьчара Аминистрра анапхгараҭара Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра ахь  иҟанаҵаз аҳәарала, Урыстәылатәи Афедерациа атәылхьчара аминистр, ар аинрал Сергеи Шоигу иӡбамҭа инақәыршәаны, акоронавирустә ҿкы чымазара злаҽыз Аԥсны ауааԥсыра рыхәшәтәраҿы ацхыраара аҟаҵара азы  Урыстәылантәи Аԥсныҟа идәықәҵахеит афункциарацәа назыгӡо арратә мобилтә хәышәтәырҭа. Амобилтә медицинатә ҟәшеиҵа аилазаара аҿы иҟоуп 100 – ҩык инареиҳаны Алада Урыстәылатәи Арратә Округ аруаа.

Аладатәи Арратә Округ амедицинатә отриад арратә ҳақьымцәа уажәаԥхьагьы, жьҭаарамза  20, 2020 шықәса инаркны хәажәкырамза  2021 шықәсанӡа Аԥсны ауааԥсыра амедицинатә цхыраара рыҭара иазкыз ауснагӡатәқәа мҩаԥыргон. Русура аамҭа иалагӡаны, урыстәылатәи арратә ҳақьымцәа ацхыраара рырҭеит 4 нызықь ҩык инарзынаԥшуа ҳреспублика ауааԥсыра. Адәытә хәышәтәырҭа алабораториақәа рҿы имҩаԥган 18 нызықь инареиҳаны еиуеиԥшым аклиникатә ҭҵаарақәа,  5,3 нызықь инареиҳаны  ПЦР тестқәа, 2-нызықь инареиҳаны агәышԥытә ренгенограммақәа.

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 16:31