Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ҞАРАЧЫ-ЧЕРКЕСИА ХАТӘГӘАԤХАРАЛА АԤСНЫ ЕИБАШЬУАЗ РЫХЬӠАЛА АХЬӠ-АԤША АПАРК ААДЫРТИТ.

Ашәахьа, 16 Нанҳәа 2021 12:30 227

Аҟәа. Нанҳәамза 16, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 15 рзы Карачы-Черкесиатәи Ареспублика, Адыге-Хаблсктәи аҳабла, Старо-Кувинск аул аҿы Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз ргәалашәара иазкны Ахьӡ-Аԥша апарк аадыртит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Адунеизегьтәи Аконгресс аофициалтә саит.

Леон иорден занашьоу Роберт Ашба иаԥшьгара адгылара арҭеит аул ауааԥсыреи Мураҭ  Жиров напхгара зиҭо Ҟарачы-Черкессиантәи хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз Реидгылареи.  

Карачы-Черкесиатәи Ареспублика, Адыге-Хаблсктәи аҳабла, Старо-Кувинск аул ахь инеит Карачы-Черкесиа ахи аҵыхәеи рҟынтәи хыԥхьаӡара рацәала асасцәа, иара убас Аԥснынтәи, Аахыҵ Уаԥстәылантәи, Нхыҵ Уаԥстәылантәи, Чечентәылантәи, Ҟабарда-Балкариантәи, Адыгеиантәи, Краснодартәи атәылаҿацәынтәи  иааз асасцәагьы.

Аҭыԥантәи ауааԥсыреи асасцәеи апарк аартра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥыргеит, агәаларшәагас рфотосахьақәа ҭырхит, иара убас 1941-1945шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа иалахәыз аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит. Анаҩс аҭыԥантәи акультура Аҩны аҿы аныҳәатә хәылԥазы мҩаԥысит. Араҟа гәыԥҩык аибашьцәеи, иара убас Аԥсны аибашьраан еиԥш уи ашьҭахьгьы  ацхыраара ду азҭаз ауааи Карачы-Черкессиантәи Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз Реидгыла аҿы иаԥҵаз «Аԥсны ахақәиҭразы», «Аԥсны Ахьӡ-Аԥшазы» амедалқәа ранаршьеит. Аҳамҭақәа занаршьаз рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аԥсуа-база-жәлар Адунеизегьтәи Рконгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы, Жәларбжьаратәи аидгылара «Алашара» апрезидент Мусса Еқьзеқь. Аԥсны нанҳәамза 15 рзы иазгәарҭоит хатәгәаԥхарала еибашьуаз Рымшныҳәа.  

 

Last modified on Аҩаша, 17 Нанҳәа 2021 12:19