Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ИАХА ИАУЗ АҚӘЫРШҨЫ ИАХҞЬАНЫ АҞӘА АМҨАДУҚӘА АӠЫ РЫҚӘЛЕИТ.

Ашәахьа, 16 Нанҳәа 2021 17:47 246

Аҟәа. Нанҳәамза  16, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Иаха иауз ақәыршҩы иахҟьаны Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа амҩадуқәа аӡы рықәлеит.  Аӡы аҩаӡара џьара-џьара метраки бжаки рҟынӡа инаӡон. Аӡы рықәлеит Ҷанба, Шьеглов, Шотланскаиа, Ашәхаҵаа, Аконфедератаа, Академик Марр, Бегуа амҩадуқәеи аминистрцәа Реилазаара ахыбра азааигәареи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахыбра иахьаҵанакуеи.

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа иаха ауаа ревакуациа мҩаԥыргон, ацхараара зҭахыз зегьы ирыцхраауан. Шьыжьы инаркны аиқәырхаҩцәа аҩнқәа ирыҩналаз аӡы ҭыргон, агәам-сам ықәыргон.

 

 

Last modified on Аҩаша, 17 Нанҳәа 2021 12:19