Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ИАУЗ АҚӘЫРШҨЫ ИАХҞЬАНЫ ОЧАМЧЫРА АРАИОН АҚЫҬАҚӘАК АЗАРАЛ РОУИТ.

Ашәахьа, 16 Нанҳәа 2021 09:44 219

Аҟәа. Нанҳәамза 16, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.   Очамчыра араион амцарцәара-еиқәырхаратә ҟәша анапхгаҩы Мурман Пачлиа «Аԥсныпресс» акорреспондент диҿцәажәо иауз ақәыршҩы иахҟьаны Очамчыра араион ақыҭақәак ироуз азарал азы адырра ииҭеит. «Ақалақь аҿы ааха зауз ыҟаӡам, аиҳарак ақыҭақәа Џьгьарда, Кәтол, Тамшь, иара убас Аӡҩыбжьа ахәҭаки роуп азарал зауз.  Џьгьарда ақыҭын ацҳа аӡы иагеит», - ҳәа иазгәеиҭеит Мурман Ԥачлиа. Уи иажәқәа рыла, автотрасса «Тамшь-Кындыӷ" ахәҭак иақәлаз аӡи агәам-сами рҟынтәи арыцқьара иаҿуп. «Ҭыԥқәак рҿы аҵлақәа каҳаит. Араион анапхгараҭара ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥқәа ирҭааны игәарҭеит, иаиуз азарал ашәагаа алыркааит», - ҳәа иазгәеиҭеит Мурман Пачлиа.

 

 

Last modified on Аҩаша, 17 Нанҳәа 2021 12:19