Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ИАУЗ АҚӘЫРШҨЫ ИАХҞЬАНЫ АҞӘА АҚАЛАҚЬ АХӘҬАК ФЫМЦАЛАШАРАДА ИААНХЕИТ.

Ашәахьа, 16 Нанҳәа 2021 11:42 290

Аҟәа. Нанҳәамза 16, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Иаха иауз ақәыршҩы иахҟьаны атәыла афымцашьаҟақәа ирықәыз афымцацәаҳәақәа рҿы аиԥҟьарақәа рацәаны иҟалеит, иара убас иааизакны аенергосистема ааха аиуит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Ареспубликатә унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» апресс-маҵзура.

Аҟәа ақалақь аҿы аус зуа астанциеиҵақәа ИЭПиТ, Баслаҭа аӡы рыҵалеит. Иқәнагалаз акьыл астанцеиҵақәа реиқәыршәагақәа ирҭачит.  Афымцеихшарҭатә станцеиҵа ИЭПиТ аҿы аусура иаҟәыҵит афымцамҩангагатә еиқәыршәага.  Аҟәа ақалақь аҳабла Ҿыц фымцалашарада еиқәзыршәо астанциеиҵа  «Аҟәа-2» аҿы русура еиԥҟьеит зымчхара 10 кВ рҟынӡа инаӡо афымцацәаҳәақәа.  Урҭ реиҭашьақәыргылара иазку аусурақәа нанагӡоит Аҟәатәи афымцатә Станциа аспециалистцәа. 

Уажәы Аҟәа ақалақь агәы иахьаҵанакуа, аҳабла Ҿыц ахәҭаки, Алашарбага аҳаблеи лашарада иҟоуп. Авариа ахҟьаԥҟьақәа рықәгара иадҳәалоу аусурақәа мҩаԥысуеит.

 

Last modified on Аҩаша, 17 Нанҳәа 2021 11:50