Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ИАУЗ АҚӘЫРШҨЫ ИАХҞЬАНЫ ЗЕГЬЫ РААСҬА ААХА РОУИТ АҞӘА АҚАЛАҚЬ ҶАНБА ИМҨАДУ АЛА ИГЫЛОУ АҨНҚӘА.

Ашәахьа, 16 Нанҳәа 2021 16:00 339

Аҟәа. Нанҳәамза 16, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Иауз ақәыршҩы иахҟьаны Аԥсны араионқәак рҿы аӡхыҵрақәа ҟалеит. Аԥшасра ӷәӷәа иахҟьаны аҵлақәеи афымцашьаҟақәеи каҳаит. Аҳҭнықалақь Ахадара амуниципалтә усбарҭа «Аиқәыршәазаара» адиректор  Саид Кәыр-иԥа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, Аҟәа ақалақь аҿы зегьы раасҭа ааха зауз Ҷанба имҩала игылоу аҩнқәеи Ацҳа Ҟаԥшь иахьаҵанакуа игылоу ахыбрақәеи роуп. Иара убас ақалақь аҿы икаҳаз аҵлақәагьы ыҟоуп. Ақалақь агәы иалсны ицо амҩадуқәа ракәзар, уаҟа имыцхәцәамкәа иқәлаз аӡы имаҷымкәа аҳәынҵәеи агәам-сами аанагеит. Академик Марр имҩаду иаваршәны инеиуа аӡиас хәҷы убасҵәҟьа агәам-сами ахаҳәы-мҿыхәи аанагеит. Ашьжьымҭан Аҟәа ақалақь Ахадараҿы имҩаԥысит аусуратә еилатәара, иара убас еиҿкаан аоперативтә штаб. Иахәҭоу аусурақәа зегьы мҩаԥысуеит», - ҳәа иҳәеит Саид Кәыр-иԥа.

 

Last modified on Аҩаша, 17 Нанҳәа 2021 11:50