Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫҞА АМҨА ИҚӘЛЕИТ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АТӘЫЛАХЬЧАРА АМИНИСТРРА АМОБИЛТӘ ХӘЫШӘТӘЫРҬА.

Ашәахьа, 16 Нанҳәа 2021 11:37 240

Аҟәа. Нанҳәамза 16, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аладатәи арратә округ иатәу амобилтә хәышәтәырҭа  аруаа Ставрополтәи  атәылаҿацә  Будионовск ақалақь аҟынтәи Аԥсны аҳҭнықалақь аҟынӡа 800 километрак рҟынӡа инаӡо амҩа иқәлеит. Аԥсны атәылахьчара Аминистрра анапхгараҭара Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра ахь иҟанаҵаз аҳәарала  Аԥсныҟа идәықәҵахеит  100-шьҭаларҭа-ҭыԥ ала еиқәыршәоу амобилтә афункциарацәа назыгӡо арратә хәышәтәырҭа. 

Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра аинформациеи амассатә коммуникациақәеи рдепартамент иҟанаҵо адыррақәа рыла, амобилтә медицинатә ҟәшеиҵа аилазаара аҿы иҟоуп 112 – ҩык аруаа, 30 цыра иҷыдоу арратә техника. Аколонна аҭыԥ аҟынӡа ишааилак еиԥш, аамҭа кьаҿ иалагӡаны амобилтә хәышәтәырҭа Аҟәа ақалақь аҿы ишьақәыргылахоит. Араҟа арратә ҳақьымцәа Ареспублика Аԥсны ауааԥсыра рыдкылареи амедицинатә цхыраара рыҭареи иалагоит. 

Амобилтә хәышәтәырҭа адәытә медицинатә арратә ҟәшеиҵоуп.  Уи акоронавирусттә ҿкы чымазара злаҽыз ауаа рыстационартә хәышәтәра иазкуп. Ахәышәтәра-диагностикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы ахәышәтәырҭа арыԥҳақәа рыҩныҵҟа иԥсабаратәым аҳауеиҭныԥсахлара аппаратқәа, апациентцәа рҭагылазаашьа интенсивла ахылаԥшра азы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа агәаҭара азы ахархәагақәа, уҳәа  рыла еиқәыршәоуп.

 

Адырранҵа: Аладатәи Арратә Округ амедицинатә отриад арратә ҳақьымцәа уажәаԥхьагьы, жьҭаарамза  20, 2020 шықәса инаркны хәажәкырамза  2021 шықәсанӡа Аԥсны ауааԥсыра амедицинатә цхыраара рыҭара иазкыз ауснагӡатәқәа мҩаԥыргон. Русура аамҭа иалагӡаны, урыстәылатәи арратә ҳақьымцәа ацхыраара рырҭеит 3,7 нызықь ҩык инарзынаԥшуа ҳреспублика ауааԥсыра. Адәытә хәышәтәырҭа алабораториақәа рҿы имҩаԥган 18 нызықь инареиҳаны еиуеиԥшым аклиникатә ҭҵаарақәа,  5,3 нызықь инареиҳаны  ПЦР тестқәа, 2-нызықь инареиҳаны агәышԥытә ренгенограммақәа.

 

 

 

 

 

 

Last modified on Аҩаша, 17 Нанҳәа 2021 11:51