Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

21 ШЫҚӘСА РАԤХЬА АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИШЬҬАХЬАЛА ЕИХСНЫ ДЫРШЬИТ ЗУРАБ АЧБА.

Амҽыша, 15 Нанҳәа 2021 15:34 349

Аҟәа. Нанҳәамза 15, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  21 шықәса раԥхьа, нанҳәамза 15, 2000 шықәса рзы, Аҟәа ақалақь, асааҭ жәеиза рыбжа инарзынаԥшуа, ишьҭахьала еихсны дыршьит иналукааша ауаажәларратәии аполитикатәии аусзуҩ, Аԥсны Жәлар Рфорум анапхгаҩцәа иреуаз, Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет - Апарламент  актәи ааԥхьара (1991 – 1996 шш.) адепутат, азиндырҩы, ауаҩзинхьчаҩы Зураб Ачба.

Есышықәса ари амш аҽны, ахәылбыҽха асааҭ  22:30 рзы  Зураб Ачба ишьра ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы еизоит уи иуацәеи иҭынхацәеи иҩызцәеи, дыздыруаз зегьи.  Урҭ Зураб Ачба игәалашәара иазкны ацәашьқәа адыркуеит, ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵоит.

Нанҳәамза 13, 2021 шықәсазы Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа Ақьырҭааи Челиускинрааи рымҩақәа рыбжьара иҟоу аплошьад Зураб Ачба ихьӡ ахҵара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.  

Ачба Зураб Константин-иԥа (жәабранмза 23, 1950 шықәса рзы -  нанҳәамза 15, 2000 шықәса) - иналукааша ауаажәларратәии аполитикатәии аусзуҩ, Аԥсны Жәлар Рфорум анапхгаҩцәа иреуаз, Ареспублика Аԥсны Ириеҳаӡоу Асовет- Апарламент  актәи ааԥхьара (1991 – 1996 шш.) адепутат, азиндырҩы, ауаҩзинхьчаҩы.  Диит жәабранмза 23, 1950 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы. Далгеит Н. Лакоба ихьӡ зхоу Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №10.  

1967 шықәсазы дҭалеит Москватәи аҳәынҭқарратә университет азиндырратә фыкультет. Уи даналга ашьҭахь Аԥсны еиуеиԥшым аиҿкаарақәеи аусбарҭақәеи рҿы   аиуристконсулс аус иуан. 

1989 шықәса инаркны – Аԥсны Жәлар Рфорум ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. Зеиԥшыҟам аоратор, аполемист, 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраанӡа аԥсуа-қырҭуатә еиҿцәажәарақәа активла ихы алаирхәуан.

1991-1996 шш – Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак-Апарламент адепутат.

1993 шықәсазы Ареспубликабжьаратәи адукатцәа рколлегиа алахәала, аиуристтә абжьгарҭа № 24 (ақ.Москва) анапхгаҩы.

1999 - 2000 шш. – Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаареи Европатәи атәылақәа Реидгыла ашәарҭадара Ахеилаки ауаҩы изинқәа рзы Аҟәатәи аофис аконсультант. Иара убри аамҭазы иара убасҵәҟьа ихы ааирԥшит апублицист иаҳасабала. Иматериалқәеи истатиақәеи  кьыԥхьхон «Нужная газета» аҿы. Акритикатә ажәахәқәа рыла дықәгылон Ареспублика Аԥсны аофициалтә напхгараҭара ахаҭарнакцәа рганахьала.

Дыршьит Аҟәа ақалақь аҿы, нанҳәамза 15, 2000 шықәсазы. Зураб Ачба дызшьыз иахьа уажәраанӡа иаанкылареи ихьырхәреи залыршам.  

 

Last modified on Аҩаша, 17 Нанҳәа 2021 11:51