Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИА: «ИАХЬА ҲАРА АԤСНЫ АХАҚӘИҬРА ЗХЫ АҚӘЫЗҴАЗ ХАТӘГӘАԤХАРАЛАТӘИ АИБАШЬЦӘА РГӘАЛАШӘАРА АҾАԤХЬА ҲХЫРХӘОИТ».

Амҽыша, 15 Нанҳәа 2021 13:32 227

Аҟәа. Нанҳәамза 15, 202 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Хатәгәаԥхарала еибашьҩуаз Имш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.

"Иахьа Аԥсны Хатәгәаԥхарала еибашьуаз имш азгәарҭоит. Ари аныҳәа аԥҵоижьҭеи рацәак шымҵуагьы, ҳтәыла иахьатәи аҭоурых аҟны ҷыдала иазгәарҭо рыцхәны иҟалеит. 1992  шықәса, нанҳәамза 15 рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага аҩбатәи амш инаркны аԥсуаа инарывагылеит  Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа рыҟнытә хатәгәаԥхарала иааз рашьцәа. Ахә ашьара уадаҩуп аԥсуа жәлар рхақәиҭратә қәԥараан Аиааира Амш арааигәараҟны хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рроль. Шәҩыла Нхыҵ Кавказ ареспубликақәеи Алада Урыстәылеи рыҟнытә, аҳәаанырцә иҟоу ҳдиаспора ахаҭарнакцәа раара ҳажәлар ргәы шьҭнахит, Аиааиразы ирымаз агәрагара арӷәӷәеит. 

Иахьа ҳара ҳхырхәоит Аԥсны Ахақәиҭра зхы ақәызҵаз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа ргәалашәара аҿаԥхьа. Урҭ иҟарҵаз, ирылдыршаз аԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы аиаша азықәԥара аус аҟны ҿырԥшыга бзианы иҟалоит. Гәык-ԥсыкала иҭабуп ҳәа раҳҳәоит арҭ Афырхацәа зааӡаз анацәеи абацәеи. Аҳәынҭқарра иалшо зегьы ҟанаҵароуп  хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәеи, урҭ рҭаацәеи ганрацәала ацхыраара рыҭаразы. 

Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит иаҳа ианыуадаҩыз аамҭазы хацәнамырха иҳавагылаз, ҳашьцәа!

Рыхьӡ кашәара ақәымзааит Афырхацәа гәымшәақәа!"

Last modified on Аҩаша, 17 Нанҳәа 2021 11:51