Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АХАДА АԤСНЫ ИҚӘЫНХО АԤСЫЛМАНЦӘА КӘЫРБАН-БАИРАМ РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ

Аҩаша, 20 Ԥхынгәы 2021 10:42 632

Аҟәа. Ԥхынгәы 20, 2021. Аԥсныпресс.Ахада Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа, ҳџьынџьуаа Кәырбан-Баирам рыдиныҳәалеит.

«Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа зегьы гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит иахьатәи аныҳәа ду - Кәырбан-Баирам.

Кәырбан-Баирам ахаџьра, аԥшьаҭыԥқәа рышҟа аныҟәара ахыркәшара иазҳәоуп, ауаа ракра, аҵас бзиақәа рырӷәӷәара, аибачҳара, аицхыраара иазкуп.

Дарбанзаалак анцәахаҵара ныҟәызго абри аҽны анцәа диҳәоит, ари аныҳәа ԥшьа даԥылоит ҭаацәашәала, иуа, иҭынха рыҩныҵҟа, иара убас ацхыраара зҭаху зегьы ацхыраара рыҭара аҭахны иԥхьаӡоит.

Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу аԥсылман уаажәларра агәыҳалалратә усура ду мҩаԥнагоит, ҳтәыла асоциалтә, аҵараиуратә, арккаратә аԥшьгарақәа рынагӡара хшыҩзышьҭра анаҭоит.  

Ареспубликаҟны коронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 алаҵәара ианалага, ҳџьынџьуаа-аԥсылманцәа аиашьаратә цхыраара ду ҟарҵеит хыԥхьаӡара рацәала ахәшәқәа, хаҭалатәи ахыхьчагатә хархәагақәа рыла.  

Ас еиԥш ацхыраара аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи еиҿкаарақәа русеицура, амилаҭбжьаратә, адинбжьаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара иацхраауеит, иара убас адинтә еинымшәареи аекстремизми ирҿагылоит.  

Аԥсны аԥсылманцәа, иара убас аԥсылман тәылақәа рыҟнеиԥш, иахьакәзаалак адунеи иқәынхо ҳџьынџьуаа зегьы ирзеиӷьасшьоит агәабзиара, ахирра, аныҳәа лаша алԥха!

 

Last modified on Аҩаша, 20 Ԥхынгәы 2021 11:25