Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИА АԤСНЫ ЖӘЛАР АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ БИРАҞ АМШ РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ

Ахәаша, 23 Ԥхынгәы 2021 11:25 481

Аҟәа. ԥхынгәы 23. Аԥсныпресс.  Адныҳәалара атекст аҟны иҳәоуп:

«Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар!

Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит  Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш! 

1992 шықәса ԥхынгәымза 23 арыцхә иҿыцу ҳҳәынҭқарра аҭоурых аҟны иҷыдоу, аҵак дуӡӡа змоу хҭысны иҟалеит. Ҩажәижәба шықәса раԥхьа ишьақәырӷәӷәаз Аԥсны Аҳәынҭқарра Абираҟи Агерби ҳара ҳиааирақәеи ҳаихьӡарақәеи ирсимволны иҟалеит.

Ихьыԥшым ҳҳәынҭқарра асимволқәа ҳара уаҵәтәи амш агәра ҳдыргоит, ихадоу ҳхықәкы – иӷәӷәоу, еизҳазыӷьо Аԥсны Аҳәынҭқарра аргылараҟны имҩақәҵаганы иҳамоуп.

Ари арыцхә ҳара ҳажәлар ракзаара, реидгылара, ҳаԥсадгьыл ахьчаразы иаадырԥшыз афырхаҵара иахаҿроуп, абиԥарақәа реилымшәара, ашәышықәсақәа ирықәлоу аҭоурых дуӡӡа змоу ҳҳәынҭқарра ахьыҧшымреи,ахақәиҭреи аԥеиԥш лашеи ирдыргоуп.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Абираҟ иамоу ахьӡ-аԥшала, азгәдурала иахьа ҳажәлар аиааира ҿыцқәа рахь, аизҳазыӷьарахь ихоу амҩа иануп.

  Наунагӡа иахашәыршәырлааит ҳҳәынҭқарратә бираҟ иҭышәынтәалоу, есааира иҿио, еизҳауа  ҳ-Аҧсны, хьӡи-ԥшеи змоу атәылаҿы инхо ҳажәлар иргәадураны! 

Абри амш аҽны гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит зегьы агәабзиара, анасыҧ,   аизҳазыӷьара!»

 

Last modified on Ахәаша, 23 Ԥхынгәы 2021 11:50