Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ГӘДОУҬАТӘИ АКОВИДТӘ ХӘЫШӘТӘЫРҬА АҾЫ ИҞОУ АТАМОГРАФ ААМҬАЛА АУС АУӠОМ.

Аҩаша, 29 Рашәара 2021 15:57 586

Аҟәа. Рашәарамза 29, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Гәдоуҭтәи аковидттә хәышәтәырҭа  аҿы иҟоу атамограф аамҭала аус ауӡом. Абри азы атәыла аҿы ишьақәгылаз аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иазкны имҩаҧысыз апресс-конференциа аҿы адырра ҟаиҵеит атәыла агәабзиарахьара аминистр Едуард Быҭәба. 

«Гәдоуҭатәи аковидтә Центр аҟны афымцамч ала аиқәыршәара аиҧҟьарақәа рышьҭахь атамограф апрограмматә еиқәыршәара шьақәҟьеит. Ҳара излауа ала ирласны уи аиҭашьақәыргылареи аусура ахацыркреи рзы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит», -ҳәа иҳәеит атәыла агәабзиарахьчара аминистр. Агәабзиарахьчара Аминистрра ацхырааразы Урыстәылаҟа, афирма «Toshiba» ахь азыҳәамҭа дәықәнаҵеит. Уи иара убас ишазгәеиҭаз ала, афымцамч ала аиқәыршәара аҿы иҟаз аиҧҟьарақәа ирыхҟьаны Ареспубликатә хәышәтәырҭа Хада аҿгьы иҟоу акомпиутертә тамогрфгьы аусура иадҳәаланы апроблемақәа цәырҵит. Уажәы уаҟатәи атамограф  аусура еиҭашьақәыргылоуп.

 

Last modified on Аҩаша, 06 Ԥхынгәы 2021 16:44