Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИА: АФЫМЦАМЧ АУСХК АҾЫ ИҶЫДОУ АҬАГЫЛАЗААШЬА ШЬАҚӘГЫЛЕИТ, ИҶЫДОУ АҬАГЫЛАЗААШЬАҞНЫ ИҶЫДОУ АУСНАГӠАТӘҚӘА РЫНАГӠАРА АҬАХУП.

Аҩаша, 29 Рашәара 2021 15:56 479

Аҟәа. Рашәарамза 29, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Рашәарамза 29 рзы, ашьыжь, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра ақалақь аҟны абылра ахьыҟалаз  32 мегават амчхара змоу астанциаеиҵа «Очамчыра-ахарамч» даҭааит.

Абылра шыҟалаз азы адырра иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахь  инеит шарҧазы асааҭ 07:03 рзы. 

Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыҧ ахь инеиз Аҳәынҭқарра Ахада амцарцәаратә гәыҧқәа ҩба рымчала абылра иаразнак аанкылара шалыршахаз, аха уеизгьы астанцеиҵа амыруга шыблыз азы адырра ирҭеит. Аӡәгьы ааха имоуӡеит. Афымцмач аузуҩцәа Аҳәынҭқарра Ахада иарҳәеит уажәы иҟалаз аҧхасҭа амҽхак шьақәдыргылараны ишыҟоу. Иҟалаз абылра иахҟьаны Очамчыра ақалақь ахәҭаки араион ақыҭақәа хәбеи фымцалашарада иаанхеит.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра Администрациа аҟны иаарласны аилацәажәара мҩаҧигеит. Аилацәажәара иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Валери Папба, аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Ареспубликатә унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор Хада Михаил Логәуа, Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа, уи ихаҭыҧуаҩ Артиом Габлаиа, араионтә Еизара Ахантәаҩы Адгәыр Кәыҵниа, араион азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа.   

Аилацәажәара аҟны ахшыҩзышьҭара аҭан фымцалашарада иаанхаз ақыҭақәа рызҵаара. Афымцамч аузуҩцәа ирҳәеит Очамчыра  ақалақьи қыҭақәаки рыҟны афымцалашара аамҭала ишышьақәыргылоу. Егьырҭ ақыҭақәа рыҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа цонаҵы афымцамч аамҭала рыҭара алзыршо асхема аус адулара шцо.

Аҳәынҭқарра Ахада иҟалаз ахҭыс даҽазныкгьы афымцамч аусхк аҟны  иҟоу ауадаҩрақәа ртәы шаҳәо азгәеиҭеит. Иара убас Аҳәынҭқарра Ахада афымцамч аусхк аҟны иҷыдоу аҭагылазаашьа шышьақәгылаз, иҷыдоу аҭагылазаашьаҟны иҷыдоу ауснагӡатәқәа рынагӡара шаҭаху иҳәеит.

Аслан Бжьаниа иажәақәа рыла, хара имгакәа абри аилазаара адыҧхьаланы аилацәажәара амҩаҧгара азҧхьагәаҭаны иман. Уаҟа иалацәажәараны иҟан фымцамчла аиқәыршәара азҵаара, аха иҟалаз ахҭыс иахҟьаны ари аизара иахьа ишымҩаҧгатәхаз. Аҳәынҭқарра Ахада даҽазныкгьы иазгәеиҭеит афымцамчтә усхк –акрызҵазкуа усхкны ишыҟоу, уи ҷыдала ахылаҧшра шаиҭо, иара убас алеишәеи аҭакҧхықәра ашьҭыхреи аҭагылазаашьа арҽеира шрылшо. Иазхьарҧшын афымцамч ахәҧса амшәара шықәсырацәалатәи аҭоурых. Аҳәынҭқарра Ахада араион ахада идиҵеит ақыҭақәа рхадарақәа афымцамч ахәҧса рылхразы ирыду аҭакҧхықәра ашьҭыхра, урҭ хаҭалатәи аҭакҧхықәразы   ргәырҽаниҵеит. Аҭагылазаашьа арҽеиразы Аҳәынҭқарра Ахада ҽҳәарас ириҭеит мызкы. Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит нанҳәамза аказы ириҭаз адҵа инақәыршәаны аҭагылазаашьа шырҽеиз азы аҳасабырбақәа дшазыҧшу. Аҳәынҭқарра Ахада иара убас аизараҟны даҽазныкгьы амаининг азҵаара шьҭихит. Аҳәынҭқарра Ахада адырра риҭеит абри азҵаара инамаданы аусқәа шцо азы. Амилициа араионтә ҟәша аиҳабы иҳәеит акриптовалиута арҳара иазку аферма ҿыцқәа шаарҧшу, урҭ русурагьы шаанкылоу атәы. 

Аҳәынҭқарра Ахада ирыдиҵеит амаининг-ферма шаарҧшхалак, убри аҽныҵәҟьа ирбганы, иара иазалху аҭыҧқәа рахь иганы рышьҭаҵара, дара зтәу шьақәыргыланы, амаругақәа рымырхларц. Аҳәынҭқарра Ахада ҷыдала ареспубликатә унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» анапхгара азхьарҧшны ирыдиҵеит астанциеиҵақәа рыҟны амцарцәаратә шәарҭадара иазку ауснгӡатәқәа рырӷәӷәара, иара убас астанциа аҩныҵҟеи уи акәша-мыкәшеи асанитартә ҭагылазаашьа хылаҧшра рыҭара.

Last modified on Аҩаша, 06 Ԥхынгәы 2021 15:57