Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АУСУРАТӘ ГӘЫԤ АЗИНХЬЧАРАТӘ УСБАРҬАҚӘА РХАҬАБЗИАРА АИӶЬТӘРАЗЫ АУСНАГӠАТӘҚӘА РЗЫ ИАЗНАРХИАЗ АЖӘАЛАГАЛАҚӘА АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ИДГАЛАРА МҨАԤНАГЕИТ.

Асабша, 26 Рашәара 2021 17:07 476

Аҟәа. Рашәарамза 26, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа азинхьчаратә усбарҭақәа рхаҭабзиара аиӷьтәра иазку аусуратә гәыҧ изаамҭанытәиу аилатәара мҩаҧигеит. Уи аҧхьа иалкааз азгәаҭақәа ҳасаб рзуны Аҳәынҭқарра Ахада идыргалеит азинхьчартә усбарҭақәа рсистема аҧсахрақәа ралагалара азы аусуратә гәыҧ иҟанаҵаз ажәалагалақәа.

Аҳәынҭқарра Ахада, зырхиара иаҿу аҧсахрақәа амчратә еилазаарақәа русура ахаҭабзиара аиӷьтәра шьаҭанкыла анырра анаҭароуп, азинтә леишәеи ҳтәылауаа рзинқәа рыхьчара арӷәӷәареи иацхраароуп ҳәа  инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Иаарласны аусуратә гәыҧ азинхьчаратә усбарҭақәа рыҟны аиҭакрақәа ирызкны иазнархиаз апроект ауаажәларра  ирыдгалахоит.

Аилатәара иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа Ахантәаҩы Манана Делба, атәыла Апрокурор Хада  Адгәыр Агрба, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Ахантәаҩы Роберт Киут, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар.

Ас еиҧш иҟаз аилатәара уажәаҧхьа рашәарамза 21 рзы  имҩаҧысхьан.