Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АԤСНЫ АШКОЛҚӘА РОУШЬҬЫМҬАЦӘА ДРЫДНЫҲӘАЛЕИТ.

Ахәаша, 25 Рашәара 2021 17:04 424

Аҟәа. Рашәарамза 25, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҳынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа атәыла ашклқәа роушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит.

«Акыр иаҧсоу аушьҭымҭацәа! Иахьа Аҧсны ашколқәа рыҟны аҧсҭазаара ҿыц, аҧҭазаара ду иалагамҭаны игоит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы! Шәаҧхьаҟа ишьҭоуп шәҵарадырра аизырҳара, еиуеиҧшым азанааҭқәа рыла шәышьақәгылара иазку аҭакҧхықәра зцу аусқәа. Аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы хашҭра зқәым, насыҧла иҭәу ашколтә ҧсҭазаара иасимволны шәгәалашәара лашаҿы иаанхоит! 

Ҳара ҳҳәынҭқарра аргылараҟны иаҭахуп иахьатәи аамҭа иақәшәо адырра ҿыцқәа, азыҟаҵара бзиа змоу аспециалистцәа.

Сара агәра сгоит зқьыла аҧсҭазаара зыхҭынҵоу шәыҧсадгьыл аҿаҧхьа ишәыду аҭакҧхықәра бзиаӡаны ишеилышәкаауа, уаҵәы уи аҧеиҧш знапы иану иаҧсоу биҧараны шәышнаҵагыло!

Шьапымшла еихыжәгааит аҧсҭазаара ҿыц ахь шәшьаҿа! Инаӡахааит шәыгәҭакқәа зегьы!

Ииашоуп, адунеи зымҽханакыз ачымазара ҿкы бааҧсы шәҵарашықәс аамҭа ианымҧшырц залымшеит, аха агәра ганы сыҟоуп уи хазырҭәаауа ахҭыс бзиақәа рацәаны шәаҧхьаҟа ишышәзыҧшу.

Аҧышәара аамҭа шәаҧхьаҟа ишьҭоуп. 

Гәык-ҧсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, шәхықәкқәа рынагӡараҟны аихьӡара дуқәа!».

 

Last modified on Ахәаша, 02 Ԥхынгәы 2021 17:06