Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

КРИСТИНА ОЗГАНИ ЕВГЕНИ ГРАБЧАКИ АԤСНЫ АФЫМЦАМЧ АХАРХӘАРА АКОММЕРЦИАТӘ ҲАСАББАРА АПРОГРАММА АШЬАҚӘЫРГЫЛАРА АЗҴААРА ИАЛАЦӘАЖӘЕИТ

Ахәаша, 04 Рашәара 2021 18:17 3239

Аҟәа. Рашәарамза 4, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа аенергетика Аминистрра аҿы аминистр ихаҭыԥуаҩ Евгени Грабчаки Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани русуратә еилатәара мҩаԥысит. Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит  ахолдинг «Интер РАО», аилазаара  Иаарту Акционертә Еилазаара (ПАО) «Российские сети», иара убас аиқәыршәаҩцәа - афымцамч ахархәара аҳасаббара априборқәа рҭыжьыҩцәа.

Аиԥылара аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа афымцамч ахархәара акоммерциатә ҳасаббара апрограмма анагӡара азҵаара ҷыдала ахшыҩзышьҭара аҭан. «Ҳара афымцамч ахархәара азы ашәатәқәа ршәара аҿы аӡара узҭо кыраамҭатәи аконтракт абжьаҵара азҵаара ҳалацәажәеит. Иарбоу апрограмма  анагӡара актәи аетап аҳасабала актәи аҭыԥ аҿы иқәгылоуп  Аҟәа ақалақь», - ҳәа адырра ҟалҵеит Кристина Озган. Уи лажәақәа рыла, аусуратә еилацәажәара аҳәаақәа ирҭагӡаны, аганқәа иара убас Аинвестициатә Программеи  Урыстәылеи Аԥсни рзакәанԥҵарақәа  реишьашәалара  апрограммеи рынагӡара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Last modified on Ахәаша, 04 Рашәара 2021 18:20