Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АХАДА МУШЬНИ ЛАШӘРИА УРЫСТӘЫЛАЗЕГЬТӘИ АПАТРИАРХИА АЛИТЕРАТУРАТӘ ПРЕМИА ИАНАШЬАРА ИДИНЫҲӘАЛЕИТ

Ахаша, 09 Рашәара 2021 11:56 690

Аҟәа. Рашәарамза 9, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Мушьни Лашәриа Урыстәылазегьтәи Апатриархиа алитературатә премиа ианашьара идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә текст аҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Мушьни Таииа-иҧа!

Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Ацқьацәа Кирилли Мефодии рыхьӡ зху Урыстәылазегьтәи Апатриархиа  алитературатә премиа ахьшәанаршьаз.. Ари гәахәара дууп Аҧсны жәлар зегьы ҳзы.

Шәара шәырҿиамҭа шьахәқәа рыла  ҳмилаҭтә литература ахьшәырбеиаз анаҩсангьы, аҧсышәала ишәырҵәажәеит аурыс литература аклассикатә рҿиамҭақәа.

Урҭ рсахьаркыратә ҩаӡара аҳаракыра Аҧсны анҭыҵ изныкымкәа иазгәарҭахьеит, дара рзы еиуеипшым апремиақәа шәанаршьахьеит.

Ҳаҭыр зқәу Мушьни Таииа-иҧа, ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, агәамч, шәырҿиараҿы аихьӡара ҿыҵқәа».

 
Last modified on Ахаша, 09 Рашәара 2021 12:41