Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ХӘЫМЗ РЫЛА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ БИУЏЬЕТ АШӘАХТӘ ШӘАТӘҚӘА РАҲАСАБАЛА ИАЛАГАЛАХАЗ АԤАРАТӘ ХАРХӘАГАҚӘА РЗЕИԤШ ЕИЦҴАЛЫҴ 1025,6 МЛН. МААҬ РҞЫНӠА ИНАӠОИТ.

Ахәаша, 04 Рашәара 2021 18:17 717

Аҟәа. Рашәарамза 4, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра ҳазҭоу ашықәс хәымз иалагӡаны инанагӡаз аусурақәа реихшьаала аҟаҵара иазкын иахьа аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аминистрреи уи иаҵанакуа арегионалтә ҟәшеиҵақәеи рнапхгаҩцәа алархәны имҩаԥигаз аилатәара, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Аилатәара аусура рхы алаирхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владиир Делба. Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистр Џьансыхә Нанба иажәақәа рыла, аҳасабырбатә аамҭахәҭа иалагӡаны аҳәынҭқарратә биуџьеҭ  ашәахәтә шәатәқәа раҳасабала иалагалахаз аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 864,9 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо  ишьақәырӷәӷәоу аплан аан   1025,6 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.  Анагӡара 118,6% рҟынӡа инаӡеит.  Араионқәа зегьи аҳҭнықалақьи хәымз рыла араионқәа рҟынтәи ашәатәқәа ралагалара арбагақәа ишьақәырӷәӷәоу аплан аасҭа еиҳартәит.  Аҟәа ақалақь ала – 550,2 млн. мааҭ рыла ишьақәырӷәӷәоу аплан ала  592,4 млн. мааҭ алагалахеит. Гагра араион ала  – 113,7 млн. мааҭ рыла ишьақәырӷәӷәоу аплан ала  179,9 млн. мааҭ алагалахеит. Гәдоуҭа араион – 47,1 млн. мааҭ рыла ишьақәырӷәӷәоу аплан ала 64,1 млн. мааҭ алагалахеит. Аҟәа араион ала  – 44 млн. мааҭ рыла ишьақәырӷәӷәо аплан ала – 86,3 млн. мааҭ алагалахеит. Гәылрыԥшь араион ала – 18,2 млн. маҭ рыла ишьақәырӷәӷәоу аплан ала  – 30,4 млн. мааҭ алагалахеит.  Ҭҟәарал араион ала – 7,7 млн. мааҭ рыла ишьақәырӷәӷәоу аплан ала – 8,4 млн. мааҭ алагалахеит.  Гал араион ала –14,9 млн. мааҭ рыла ишьақәырӷәӷәоу аплан ала –  16,2 млн. мааҭ алагалахеит.

Ҷыдалкаак аҳасабала иалкаахеит Очамчыра араион. Араҟа ашәатәқәеи аизгақәеи ралхра аганахьала азымхара ыҟоуп. Уи 30% рҟынӡа инаӡоит – 69 млн. мааҭ рыла ишьақәырӷәӷәоу аплан ала зынӡа иалагалахеит 48 млн. мааҭ.  

Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра анапхгараҭала аҳәынҭқарратә биуџьеҭ иалагалахо аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ лаҵарамзазы  208,9 млн. мааҭ рыла ишьақәырӷәӷәоу аплан ала 188,3 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Лаҵарамза 2021 шықәсазы аплантә рбагақәа  90,2 % рыла инагӡоуп.

Атәыла аԥыза-министр ашәахтәқәа реизгара шымҩаԥысуа азы агәынамӡара ааирԥшит. Алеқандр Анқәаб  игәаанагарала ашәахтәқәа реизгара аҩаӡара еиӷьзар ҟалон, еиҳаракгьы Гагра араиони Аҟәа ақалақьи рҿы. Алеқсандр Анқәаб ашәахтәқәеи аизгатәқәеи Рминистрра Аппарат Хадеи арегионалтә инспекциақәеи ашәахтә ҳасабырбаратә шәҟҭагалара иахымсыц аекономикатә усура асубиектқәа раарԥшра иазку аусура арӷәӷәареи, иара убас ашәахтәқәҵаратә уалқәа рымхреи, аринахысгьы ашәахтәқәа инагӡаны рылымхра аԥхьырҟәҟәаареи рзы  адҵақәа риҭеит.  Ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рзы аминистр Џьансыхә Нанба ашәахтә усбарҭақәа русура аиӷьтәра инструментқәа раҳасабала аинформациатә технологиақәа алагалара ахымԥадатәра азы игәаанагара иҳәеит. 

Аилатәара аихшьаалақәа ҟаҵо, аԥыза-министр ашәахтә политика аусхкы аҿы иԥхьагылоу аԥышәа ахархәара,  иарбоу азҵаара аҿы урыстәылатәи апартиниорцәа аус рыцура, убри аан, зегьы раԥхьаӡа иргыланы асистема ацифратә ҵакыра ахь аиагарала ашәахтә усзуҩцәеи абизнес асубиектқәеи рыбжьара хаҭалатәи аимадара армаҷра аҵакы ахадара инаҵшьны иазгәеиҭеит.