Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҞӘАТӘИ АКЛИНИКАТӘ ХӘЫШӘТӘЫРҬА АҾЫ РАШӘАРАМЗА 4 ИНАРКНЫ АУС АУЕИТ COVID-19 АҞЫНТӘИ АВАКЦИНАЦИА АЗЫ АПУНКТ.

Ахәаша, 04 Рашәара 2021 18:16 659

Аҟәа. Рашәарамза 4, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа аҿы рашәарамза 4  рзы акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 азы авакцинациа амҩаԥгаразы апункт аатит.  Атәылауаа авакцинациа азы рҽанырҵар ҟалоит абри аҭел ала: (+7 940) 717 92 40. Авакцинациа иара убас имҩаԥыргоит аҟәатәи аполиклиникақәа №1, №3 аҿы.

Акоронавирустә ҿкы чымазара аҟынтәи авакцинациа Аԥсны лаҵарамза 11 рзы ихацыркын,  алаҵа ҟарҵоит урыстәылатәи амаҭәашьар  «Спутник V» ала. 

Last modified on Ахәаша, 04 Рашәара 2021 18:16