Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АПРОКУРАТУРА ХАДА АҾЫ ҚЬАМАЛ АРӠЫНБА ИШЬРА АЗЫ АУСЕИЛЫРГАРА ШЫМҨАԤЫСУА АЗЫ АОПЕРАТИВТӘ АНАПХГАРАБЖЬАРАТӘИ АИЛАТӘАРА МҨАԤЫРГЕИТ.

Ахәаша, 04 Рашәара 2021 18:15 682

Аҟәа. Рашәарамза 4, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 3, 2021 шықәса рзы Аԥсны апрокуратура Хада аҿы Қьамал Арӡынба ишьра азы аусеилыргара шымҩаԥысуа азы инарҭбаау аоперативтә анапхгарабжьаратәи аилатәара мҩаԥысит. Аилатәара рхы аладырхәит Аҟәа ақалақь апрокуратура, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара азы Амаҵзура, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аҟәа ақалақь  Аусбарҭа. Аилатәара лаҵараза   18, 2021 шықәса рзы, Абырба имҩаду ала игылоу  аҩнеихагыла  №9 ашҭаҿы  иҟалаз Арӡынба Қьамал Нодар-иԥа ишьра азы аусеилыргара шымҩаԥысуа аилыргара иазкын. 

Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокуратура Хада аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, апрокурор Хада Адгәыр Агрба анаҩстәи аусура ахырхарҭақәа аликааит, аусеилыргаратә уснагӡатәқәеи аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәеи рымҩаԥгаразы  анапынҵақәа риҭеит, иара убас анапхгарабжьаратәи аоперативтә гәыԥ аусура аеффективра инаҵшьны иазгәеит.

 

Last modified on Ахәаша, 04 Рашәара 2021 18:16